Ирина Кәакәасқьырԥҳа: Руслан иҭихыз ссахьа санахәаԥшуа зегь сызҿыцхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукИрина Кәакәасқьыр
Ирина Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацнаҵоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ирина Кәакәасқьырԥҳа лҭоурых.

Саид Барганџьиа, Sputnik

Ирина Кәакәасқьырԥҳа диит Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Иара уа далгеит абжьаратәи ашкол. Ира лан дырҵаҩын, лаб – аколхоз аҟны аус иуан. Ирина ҩыџьа аиҳәшьцәеи иашьаки лымоуп. Лашьа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәылоуп.

Ашкол ашьҭахь Ирина дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет. Ауниверситет даналга ашьҭахь аусура далагоит аҟәатәи ашкол-интернат аҟны. Иара убри аан аус луеит апедагогикатә ҭҵаарақәа ринститут аҟнгьы.

Хагба Нанули. - Sputnik Аҧсны
Нанули Ҳагԥҳа: зегь раасҭа ирыцҳараз – иҭахоз рыгәҭа сҵаҩцәа ыҟан

Аԥсҭазаара ашьшьы-шьшьыҳәа ахатәы мҩа нанагӡон. Ирина ҩеижәиԥшьбашықәса дырҭагылан мышкы ахы-аҵыхәала Аԥсны иқәынхоз ауааԥсыра зегь реиԥш лыԥсҭазаара аҽанаԥсахыз. Ашә иаалагылеит имҵаа-имԥшаа аибашьра.

"Аштаб аҟны аус еицаауан Ирина Агрԥҳа, Цира Габниаԥҳа, Лиалиа Чамагәуаԥҳа, Лиудмила Аргәынԥҳа, Лили Ҳагԥҳа, Нанули Лакашьиаԥҳа, Емма Анқәабԥҳа сара. Иҟаҳамҵоз, ҳнапы злакымыз иарбаныз. Аштаб шыхдыртыҵәҟьаз хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз аус рыцура ҳалагеит – маҭәа-ҩыҭәак рзыԥшаатәын, рынхашьа-рыбзазашьа еиқәыршәатәын. Архив еиҿкаатәын. Аҷкәынцәа анҭахоз рыԥсыжрақәа еиҿкаалатәын, рыԥсыбаҩқәа рыԥсадгьыл ахь, рҭаацәа рахь идәықәҵалатәын".

Лара илгәалалыршәоит аштаб аусзуҩцәа иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рҭаацәа рахь агара ишалахәхалоз. Зегь раасҭа иуадаҩыз убри акәын.

Ирина Кәакәасқьырԥҳа еиҭалҳәоит хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуази дареи алшара аныҟаз реицәажәарақәа ртәы.

"Иҟан аамҭақәак, ҳанааидтәалалак, аибашьра аӡбахә ирҳәоз, ҳгәҵӷа иҵысны ҳхы-ҳаԥсы зегьы иананыруаз. Ари даара иуадаҩын".

Аибашьраан аԥсуаа ирывагылан Нхыҵ Кавказынтәи аибашьцәа.

Иҟан зҭаацәа иахьыҟоу рзымдыруазгьы. Иҟан зынӡа иқәыԥшқәа, 15-16 шықәса зхыҵуаз. Џьоукы аромантика иаанагазар алшоит, аҽа џьоукых – зегь зшәо, изкапануа ахшыҩ хьшәашәа иаанагеит. Ашәарыцага шәақьгьы рнапаҟны иркхьан ҳәа сыҟам аӡәырҩы.

Ирина илҳәоит зны-зынла хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рҟынтәи аибашьра иалоумырхәыша ақәыԥшӡақәа ыҟоуп ҳәа аиҳабыра рахь адырра аныҟарҵалоз, урҭ шьҭахьҟа рырхынҳәразы, аха дара аҽа отриадқәак рахь ииасуан, афырхаҵарақәа аадырԥшуан ҳәа лгәалалыршәоит Ирина.

"Марттәи ажәылара аламҭалаз ҳаштаб ахь иааиит зынӡа зқьышә ахш ықәымбацыз аҿар. Аӡәы иоура еиҩыҳаҳа, дҳаракын. Заҟа ухыҵуеи ҳәа ҳанҵаа, жәаа иҳәеит. Армаҭәа инаалоз еергьҳәа изалаҳхит. Ианалаҳх – игәырӷьара ҳәаа амамызт. Мышқәак рышьҭахь афронт ахь дцеит, актәи ажәылараангьы дҭахеит. Насоуп ианеилаҳкаа жәохә шықәса шракәыз ихыҵуаз. Валери Берханов ихьӡын".

Ирина лҩызцәа еиҭарҳәоит аҷкәын иԥсыбаҩ рыман Ҟабарда ианнеи, Берхановаа иреиҳабыз даарԥылан ишиҳәаз абасеиԥш: ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит ҳажәла ахьимырԥхашьаз, ҳашьцәа рыдгьыл амца анаку цхыраара дахьгылаз.

Ирина илгәалалыршәоит аибашьцәа аштаб аусзуҩцәа ишырзыҟаз.

"Аԥсуаа ари аштаб аҟны иреиӷьыз аӡӷабцәа еизнагарц ауп изеиҿыркааз рҳәон. Ақалақь ахь ҳанҭыҵлак: аконфедераткацәа аауеит рҳәон. Зегьы ҳардыруан".

Аибашьра ианалагаз Ирина ашкол-интернат аҟны аус анылуаз лаҳәшьеи лареи аинтернат арҵаҩцәа зыҩназ аҩнаҟны дынхон.

Ирина Гоцеридзе (нижний ряд, вторая справа). - Sputnik Аҧсны
Ирина Гоцериӡе. Аҟазшьа ҟәымшәышә змаз афырԥҳәызба

"Зегь ҳгәы иаанагон, мышкы-ҩымш роуп ҳәа. Џьара залымдарак ҟалеит, зегь ҭышәынтәалоит ҳәа ҳаҟан. Аха ус иҟамлеит. Аинтернат ахь ихало иалагеит ақырҭуа гвардееццәа. Уаҟа аангылара шәарҭахеит".

Аԥхьа иақәыркит Очамчыра араион ахь ииасырц, аха уахь амҩақәа зегьы кын, цашьа ыҟамызт. Аинтернат аҟны иаанханы иҟан.

"Сара ибзианы исгәалашәоит уаанӡа ателевизор аҟны избахьаз фильмк афрагмент – ауада дыҩналоит ахышә ала аниндзиа. Убасҵәҟьа, амала лабҿаба, ҳхышә даахыҵит бџьарла еиқәных, зԥаҵа зҿабаба иҟаз, автомат згәыҵакыз ауаҩы".

Ақәылаҩцәа ауада хыла-гәыла иаарҳәны, ирымԥыхьашәаз ргеит. Анцәа иџьшьаны аӡәгьы иламкьысит.

"Ибзианы исгәалашәоит сҭагылазаашьа. Уҩны уанахыҵуа, аха уанахыло анузымдыруа даара иуадаҩуп. Еилаҳкаауан амаҭәа рацәа агара шаҭахымыз. Иара убри аамҭаз, иҳамоу зегь аагар, ҳаҩны ҳамаздоу акгьы нымхар ҳәа ҳшәон. Ирымҳәои "уҩныҵҟа гәаҩаӡа ианыҟоу" ҳәа. Убри закәыз еилыскааит".

Аӷацәа ирымпыҵакыз ақалақь аҟны Иреи, лаҳәшьеи лан лаҳәшьеи раанхара акыр ишәарҭахеит. Очамчыраҟа аиасра залшомызт. Иҟаз мҩак акәын –Гәдоуҭаҟа.

Мухамед Бли. - Sputnik Аҧсны
Мухамед Бли: ианамуӡа жьҭаара 1 иахымгакәа Егры ҳҟалоит

"Ашьыжь аҩны ҳдәылҵти. Цәыббра з рзы акәын. Аиҿцәажәарақәа ирҿын, аҭынч уааԥсыра ареспублика аҩныҵҟа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра иаԥырхагамызт. Иааулак Гәдоуҭанӡа ҳнаӡеит".

Ирина илҳәоит дара реиԥш, аинтернат аусзуҩцәа ақалақь изалымҵыз, аибашьра агәаҟрақәа зегьы рхыргеит ҳәа. Ииашоуп, аӡәгьы дрымшьит аха рҳәран изҿӡаз. Аинтернат аҟны игылан Ҟарҟарашьвили хадас дызмаз аотриад.

"Гәдоуҭа ҳаннеи ҳахьцара ҳаздырамызт. Амлеи ахьҭеи ҳаркны ҳнеиит аха уи баргәымызт. Аӷацәа урылсны уара утәқәа рыгәҭа аҟазаара еиҳау акгьы ыҟам".

Аибашьра ухазмыршҭуа асахьа

"Сара Аконфедерациа аштаб аҟны аус зуан. Руслан Габлиа уахь днеилон, аибашьцәа рсахьақәа ҭихуан. Ишысгәалашәо ала ԥхынран. Ажәылара аламҭалаз акәын".

Асахьаҭыхыҩ зсахьа ҭихуа дәныҟала адагьы иҩныҵҟатә дунеигьы аарԥшра илшозароуп.

Ирина илгәалалыршәоит Руслан аҷкәынцәа рыӡбахә ала дара аштаб аусзуҩцәагьы дышразҵаалоз.

Ирина еиҭалҳәоит "абарҭ аҷкәынцәа рсахьақәа ҭысхуеит, нас хымԥада бара бтәгьы ҭысхуеит" ҳәа шиҳәоз. Сара сзы хатәгәаԥхаралатәи ҳаибашьцәа еиҳа аҵакы рыман – лҳәоит лара.

"Ԥхынымшын. Адәаҟны ҳтәан. Руслан спатреҭ аҭыхра даҿын. Ауаа аауан, ицон. Сҽысзеиҿкаауамызт. Аха иара ирласны иҭихит ссахьа. Иара збахьоу зегьы ирҳәоит сыԥшра адагьы усҟантәи сҭагылазаашьа дшақәшәа".

Апатреҭ Ирина даара лгәы иақәшәеит.

"Руслан сара ахкьыԥхьаа сиҭеит. Уи иахьагьы аҩны исымоуп. Иара санахәаԥшуа зегь сызҿыцхоит".

Аҳауаҿ амца зыцраз авертолиот

Аибашьраанҵәҟьагьы аҳаҭыри ахьӡи аҭыԥ рымазароуп, аха иҟоуп уи ззын ибаша жәоу, иҵакыдоу.

Ԥхынҷкәын жәиԥшь рзы иҟалаз арыцҳара аԥсуа иныҭкааны идеилнаркааит зыҟны аус рымаз ауаҩра закәыз шрыламыз, арыцҳашьара аарԥшра рыгәгьы ишҭамыз.

Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

"Сара сгәалашәарақәа рҟны иреиҳау аҭыԥ ааннакылоит аҳәсеи ахәыҷқәеи зҭанҵәаз аҳаирплан. Урыстәылатәи ателеканалқәа абри ажәабжь анырҳәоз сара Калдахәара сыҟан. Иҟалалон ирҳәоз ажәабыжьқәа аниашамхоз. Абригьы иашахом, имцуп ҳәа сгәы сҭаҳәҳәон".

Аԥсны лаӷырӡыла икәабан. Зыԥсы шҭаз аҳауа иаларыблыз зегьы еицыртәхеит, зегьы иргәакьахеит.

"Ашьыжь шаанӡа ҳгыланы саҳәшьеи сареи Гәдоуҭаҟа ҳцеит. Ақалақь Ахадарахь ҳаннеи – раԥхьа ҳалаԥш зықәшәаз иҭахаз рсиоуп. Аԥхьаҵәҟьа цәанырра сымамкәа срыԥхьон ажәлақәа. Издыруан сара стәқәа аӡәгьы дшыҟамыз. Жәла ҿыцк саԥхьацыԥхьаӡа аилаӡыӡара салагон, еиҳа-еиҳа исныруан арыцҳара аҭбаара, аҳәаақәа. Аҟәараҳәа аиҵасра салагеит. Сыҳәҳәаны сҵәыуон", — иахьагьы лылабжышқәа хаддылоит Ирина.

Убри амш аҽны Тҟәарчалынтәи иԥрит авертолиотқәа ҩба.

Ирина лҩыза егьи аверталиот дҭан. Иеиҭалҳәон лыла иабаз: Ажәҩан ҳалоуп. Апилот сидтәалан. Ус избоит аверталиот ишаехсыз. Избоит акаҳара ишаҿу. Апилот напыла адырра сиҭоит сыбжьы смыргарц.

Иахьа, Ирина Кәакәасқьырԥҳа аус луеит Нелли Аӡынԥҳа лыхьӡ зху Апедагогикатә институт адиректорс. Аԥсны ашколқәа рзы аҵара-методикатә литература аус адылулоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0