АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Алиса Гыцԥҳа Аԥсны еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аушьҭымҭа, ҳазлаҽырбо, ҳаззыгәдуу аӡә лакәны дыҟоуп ҳәа ҳкорреспондент илалҳәеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә амузыкатә ҵараиурҭа адиректор Нинель Бжьаниаԥҳа.
"Алиса Гыцԥҳа дыпрофессионал дууп, дшәаҳәаҩ дуӡӡоуп, Аԥсны ахьӡ аҳәаанырцә шьахәла иӡырылгоит. Лыбжьы аҽакы иаламҩашьо Анцәа илаҭәеишьеит. Иналыгӡо иарбанызаалак арҿиамҭа иаҵанакуа аепохеи изҩыз акомпозитори оумашәа илныруеит. Зегь рҽааилаӡҩаны ҳамҭа дуны иҟалҵоит лықәгыларақәа", — лҳәеит Бжьаниаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, Алиса Гыцԥҳа еснагь Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа апроектқәа дрыдгылоит.
"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит дзылгаз аҵараиурҭахь иҟалҵо агәцаракра. Лареи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамоуп. Ҽааназы ҳгәы иҭоуп ҳастудентцәа рзы амастер-классқәа реиҿкаара. Иааҳаԥхьар ҳҭахуп ҳаушьҭымҭацәа хазынақәа. Ҳәарада, Алиса лбара ҳара ҳзы гәырӷьара дууп", ҳәа азгәалҭеит лара.
Алиса Гыцԥҳа диит ԥхынҷкәын хәба, 1970 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҟны. Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа далгеит 1989 шықәса рзы. 1993 шықәса рзы далгеит Гнессинаа рыхьӡ зху Урыстәылатәи амузыкатә академиа. Аус луеит "Геликон-опера" атеатр атруппаҟны.
Алиса Гыцԥҳа "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара ланашьоуп. Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа ахьӡ ҳаракқәа лыхҵоуп.