Амультимедиатә информациатә хаб Sputnik Аԥсны шықәсык ахыҵит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖәларбжьаратәи аинформациатә бренд апавилион "Спутник". Архивтә фото.
Жәларбжьаратәи аинформациатә бренд апавилион Спутник. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 8 рзы амультимедиатә информациатә маҵзура Sputnik Аԥсны шықәсык ахыҵит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8, Sputnik. Ԥхынҷкәын 8 рзы амультимедиатә информациатә хаб Sputnik Аԥсны шықәсык ахыҵит.

Адунеи аҟны ирацәоуп мраҭашәаратәи АИХ альтернативара азызуша, Аԥсны акультуреи, ауаажәларратәи аполитикатәи ԥсҭазаара аазырԥшуа аинформациа аиура зҭаху. Абри инадҳәаланы, адунеи атәылақәа 34 рҟны амультимедиатә хаб змоу, ииашаҵәҟьоу аинформациа узҭар зылшо, аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аҟазаара аҵак ду зманы иҟоу шьаҿоуп, иҳәеит амультимедиатә хаб Sputnik Аԥсны адиректор Инал Лазба.

"Ҳара иаҳуал хаданы иҟоу адунеи зегьы, имрашәахәоу, иуникалу аԥсабара змоу, акультуреи, атрадициақәеи, аҭоурых дуи змоу, зхатәы милаҭтә интересқәа ыҟоу Аԥсны арбароуп. Аԥсны иазку ҳаамҭазтәи амультимедиатә хаб аԥҵо ҳара иаҳҭахуп зегьы аҽа дунеины Аԥсны рзааҳартыр", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Шықәсыктәи аусурала Sputnik Аԥсны иалнаршеит апроект ҷыдақәа быжьба рымҩаԥгара, иҳәеит Лазба. Урҭ ирыликааит аԥсуа бызшәа арҿиара иазку апроект – асаит амилаҭтә версиа.

Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа

"Амилаҭ бызшәала ҳаԥхьаҩцәа ирызнааго аматериалқәа еиҳа-еиҳа аинтерес роуеит. Ҳара агәра аагоит ҳаԥхьаҩцәа ҿарацәа рыгәҭа аԥсуа бызшәа аларҵәара, асоциалтә ҳақәа рҟны иара хархәагак ала аҟаҵара, иара убасгьы ҳаамҭазтәи агаджетқәа рҟны амԥыхьашәара мариа – абызшәа аӡра апроблема аӡбра алзыршо ируакны иҟоуп", — иҳәеит ахаб адиректор.

Иара убри аан иазгәеиҭеит Sputnik Аԥсны ios, android рҟны ахархәара зылшо амобилтә цҵа аԥсышәала ишеиҿнакааз. Ҳәарада ари амобилтә шьақәгыларақәа рхархәаҩцәа рзы аинформациа аиура армариоит.

Лазба иажәақәа рыла ирыцырҵоит апроектқәа "Sputnik.Аԥхьарақәа", "Амш ажәа". Урҭ еиҳарак аинтерес рыманы иҟоуп апортал аҭааҩцәа рзы.

Иара иазгәеиҭеит убасгьы ҵыԥх ишхацыркыз аинформациатә проект "Аԥсны аԥсшьара".

"Акурорттә сезон аамҭа зегьы ҳара имҩаԥаагон Аԥсны иреиӷьу аҭыԥқәа —рфото,-рвидео, —рпонараматә ҭыхрақәа. ҳаԥхьаҩцәа ирзааҳартуан ҳтәыла аҭоурыхтә ҭынхақәа рҟынтәи афактқәа. апроект иахьагьы аусура иацнаҵоит", — иҳәеит Лазба.

Иара иажәақәа рыла аинтернет ҳақәа рҟны зхаҭабзиара ҳараку, Аԥсны аарԥшра зылшо аалыҵ, ареспубликахь ауаа ринтересқәа ирыцнаҵоит. Апроект иаднаԥхьалеит 3 000 000-ҩык инареиҳаны ауаа, ҳәа ациҵеит иара.

Ахаб аихьӡарақәа ируакны адиректор ибоит аредакциа аколлектив қәыԥш русура. Аусзуҩцәа қәрала бжьаратәла 30 шықәса иреиҳам, ҳәа азгәеиҭеит Лазба.

Иара иажәақәа рыла абильд-редакторра, аинфографикатә дизаин реиԥш иҟоу аҟазара ҷыдақәа Аԥсны ицәыргамызт убри азы урҭ ҳнапахьы раагара ҳамчқәа рыла имҩаԥаагеит иҳәеит иара.

Абхазия. Осенний пейзаж. - Sputnik Аҧсны
Ҭагалан Аԥсны аҭааразы иҟоу амзызқәа хәба

"Аофис хада аҟынтәи ҳколлегацәа рыцхыраара иалыршахеит иаарласны акадырқәа разыҟаҵара. Аӡәырҩы рзы Sputnik ҳаамҭазтәи ажурналистика иашколны иҟалеит. Сгәы иаанагоит ԥхьаҟазы аиҿкаара алшап ҳәа ҳтәыла ажурналистикатә елита қәыԥш", — ҳәа азгәеиҭеит Лазба.

Sputnik (sputniknews.com) – жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә маҵзура, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы иҟоу арадио. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәеи. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла.

Амультимедиатә информациатә хаб Sputnik Аԥсны аусура хацнаркит 2014 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы. Шықәсыктәи аусурала асаит аурыси аԥсуеи версиақәа рҟны икьыԥхьын быжьнызқьи бжаки рҟынӡа материал, ҩышә инареиҳаны аинтервиуқәеи аналитикатә материалқәеи, хәышә инареиҳаны авидеоматериалқәа. Атематикатә проектқәа "Аԥсны аԥсшьара", "Аиааира ду ҳзаазгаз", "Иҭыхым аибашьцәа", "Арепатриациа", "Аҟазацәа ртәыла", "Sputnik.Аԥхьарақәа", "Абызшәа. Аҿаҳәҳәага", "Жәлар рдоуҳа"  аԥхьаҩцәа даара зинтерес рыманы ирыдыркылаз проектқәоуп. Асоциалтә ҳақәа рыҟны асаит анапаҵаҩцәа рхыԥхьаӡара азҳара иаҿуп: Инстаграммаҟны – 4 000-ҩык; Вконтакте – 1 600-ҩык; Facebook- 6000-ҩык; Twitter — 300-ҩык.

© Sputnik Леон ГәниаSputnik Аԥсны. Шықәсык онл@ин
Sputnik Аԥсны. Шықәсык онл@ин - Sputnik Аҧсны
Sputnik Аԥсны. Шықәсык онл@ин
Ажәабжьқәа зегьы
0