АҞӘА, ԥхынҷкәын 8, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ԥхынҷкәын 8 рзы, аҟазара злоу аԥсуа журналистцәа ҿарацәа еидызкылаз амультимедиатә информациатә хаб Sputnik Аԥсны шықәсык ахыҵит. Абри аамҭала иара атәыла амедиаҵакыраҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылеит ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит атәыла Ахада иҟны иҟоу аексперттә Усбарҭа аиҳабы Ираклии Хынҭәба.
"Аусураҟны астандарт ҿыцқәеи, амаҵзура иамоу астиль ҷыдеи, ирласны аинформациа аларҵәареи – абарҭ роуп еиҿызкаауа Sputnik Аԥсны аԥсуа уаажәларра рҟны аҭахра", — иҳәеит Хынҭәба.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит АИХ аплиурализмреи ахақәиҭреи адемократиа аинститут хадақәа ишыруаку. Аԥсны АИХ иарбанызаалак атема иалацәажәар шалшо, аха убри аан аобективреи аиашареи рыпринципқәа ирыцәхьамҵроуп.
"Сара сгәы иаанагоит Sputnik Аԥсны абарҭ апринципқәа хымԥада ирықәныҟәоит, ҳуаажәларра рҟны иҟоу агәаанагарақәа иныҭкааны иаанарԥшуеит, ҳәа азиԥхьаӡоит Хынҭәба.
"Аинформациа ахархәаҩ, атәылауаҩ, иоуз аобиективтә информациа шьаҭас иҟаҵаны ихала игәаанагара шьақәиргылозароуп. Убри азы аҵакы дууп Аԥсны амедиатә ҵакыра ԥхьаҟагьы аҽарҭбаара, аҿиара. Sputnik Аԥсны ԥхьаҟагьы ақәҿиара дуқәа шәзеиӷьасшьоит", — иҳәеит Хынҭәба.
Sputnik (sputniknews.com) – жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә маҵзура, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы иҟоу арадио. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәеи. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла.
Амультимедиатә информациатә хаб Sputnik Аԥсны аусура хацнаркит 2014 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы. Шықәсыктәи аусурала асаит аурыси аԥсуеи версиақәа рҟны икьыԥхьын быжьнызқьи бжаки рҟынӡа материал, ҩышә инареиҳаны аинтервиуқәеи аналитикатә материалқәеи, хәышә инареиҳаны авидеоматериалқәа. Атематикатә проектқәа "Аԥсны аԥсшьара", "Аиааира ду ҳзаазгаз", "Иҭыхым аибашьцәа", "Арепатриациа", "Аҟазацәа ртәыла", "Sputnik.Аԥхьарақәа", "Абызшәа. Аҿаҳәҳәага", "Жәлар рдоуҳа" аԥхьаҩцәа даара зинтерес рыманы ирыдыркылаз проектқәоуп. Асоциалтә ҳақәа рыҟны асаит анапаҵаҩцәа рхыԥхьаӡара азҳара иаҿуп: Инстаграммаҟны – 4 000-ҩык; Вконтакте – 1 600-ҩык; Facebook- 6000-ҩык; Twitter — 300-ҩык.