Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аҭагылазаашьа шыҟац иаанхоит

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаГәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа:  Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа иҟоу Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи сынтәа 20 шықәса ахыҵит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи амузеи аҭагылазаашьа шыҟац иаанхоит, лҳәеит амузеи ахылаԥшҩы хада Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 20 шықәса ахыҵра инадҳәаланы, Аԥсны уаанӡатәи ахада Александр Анқәаб, амузеи ԥырганы ахыбра ҿыц аргыларазы адҵа ҟаиҵеит. Шықәсык ала амузеи дыргылеит, иршьыхит, ирхыбит, аха 2012 шықәсазы аргыларатә усқәа аанкылан.

2015 шықәса, жьҭаара 6 рзы Sputnik Аԥсны ианылеит Гәдоуҭатәи амузеи аҭагылазаашьа цәгьа иазкыз астатиа. Усҟан уи ахылаԥшҩы хада Гәыгәыца Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит амузеи аргылара ахьаанкылахаз иахҟьаны, хәы-змаӡам аекспонатқәа аԥхасҭахара ишаҿу.

"Уи ашьҭахь, Аԥсны ахада амузеи аиҳабы Гәынба Баҭали сареи ҳиыдикылеит, ажәагьы ҳаиҭеит амузеи хымԥада ишыҟаҳҵо, ашықәс нҵәаанӡагьы аусурақәа ҳашрылаго ҳәа. Араион аиҳабыра адҵа риҭеит мызкы ахала-аҵыхәала ашәқәеи аԥенџьырқәеи ҿарҵарц азы", — ацылҵеит лара.

Аха, Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, иахьа уажәраанӡагьы иарбан усзаалак амҩаԥгаразы амузеи ахь аӡәгьы дмааицт.

Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп

"Иахьа Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариа игәы бзиам, Москва ахәшәтәырҭа дышьҭоуп. Акультура аминистрра аҟынтә аҭел иасит, ирҳәеит амузеи аҭагылазаашьа рбаразы ишаауа, аха нас мап ркит, араион аиҳабы ичымазара иахҟьаны", — азгәалҭеит лара.

Гәыгәыца Џьыкырԥҳа илҳәеит акыр агәҭынчымра шлызцәырнаго Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иаԥиҵаз амузеи абас алахьынҵа ахьыҟалаз.

Амузеи аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟазҵарц зҭаху абарҭ ареквизитқәа рыла аԥара нарышьҭыр рылшоит: Аҵәахырҭатә банк Гәдоуҭатәи аҟәша: БИТ 224100017, аԥхьаӡаратә хыԥхьаӡара 4060381000002000004.

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи сынтәа 20 шықәса ахыҵит. Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи еиҿкаан, иагьаартын 1995 шықәсазы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иӡбарала. Уаҟа еизгоуп зқьыла Аԥсны аҭоурых атәы зҳәо, хәы змаӡам аекспонатқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0