АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит адунеи аҩқәа ргьамабара. Ауснагӡатә аиҽкааҩ, аԥсуа ҩыҟаҵаҩ Баграт Аҩӡба ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит аҭыԥантәи аҩыҟаҵаҩцәа рзы иара хра аманы ишыҟало атәы.
"Сара даасыԥхьеит абри аусхк аганахьала аҟаза, акритик Сергеи Александров. Имҩаԥааго аҩыагьамабара иалнаршоит еиуеиԥшым атәылақәа, арегионқәа рыҩқәа рдырра. Уи ибзианы иаҳнарбоит ҳаргьы иарбан ҩу иҭҳажьраны ҳаҟоу атәы. Ауснагӡатә ҳәарада хра аманы иҟоуп. Абри аганахьала аус зуа зегьы адҳаԥхьалеит", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Сергеи Александров инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсуа ҩыҟаҵаҩцәа адунеитә ҩқәа ргьамабара ишалнаршо адунеитә ҩыҟаҵара атенденциақәа ралкаара.
"Исҭахуп Аԥсны аҩы ҟазҵо идсырбарц еиуеиԥшым аҩқәа ргьама. Агәра згоит урҭ сара сыдагьы аҩқәа ргьамақәа шырбахьоу, аха исымоу аԥышәа схы иархәаны срылацәажәар ауеит ҳаамҭазтәи аҩыҟаҵараҟны амҩаԥысуа атенденциақәа", — иҳәеит Александров.
Баграт Аҩӡба иажәақәа рыла ауаҩы аҩы шыбзиоу еиликаауеит еиӷьу агьама анибалак ашьҭахь.
"Дарбанызаалак ауаҩы ргьама ибароуп еиуеиԥшым аҩқәа, иреиӷьӡоу аҩқәа. Убасҟан ауп иара ианилшо аҩы бзиа аҟаҵара. Ауаҩы аҩы бзиа захьӡу имбацзар, изымдыруазар хәшьарас иеиҭозеи", — иҳәеит Баграт Аҩӡба.
Аҩы акритикҟаҵаҩ Сергеи Александров иазгәеиҭеит ареспубликаҟны аҩгьамабара ахырхарҭа аҿиара аҵак ду шамоу.
Иара убасгьы дазааҭгылеит итрадициатәу аԥсуажь хкқәа реиҭашьақәыргылара аҭахны ишыҟоу.
"Сара аԥсуа ҩы зеиԥшроу бзианы издыруеит. Иахьа ажәытәтәи аԥсуажь хкқәа реиҭашьақәыргылара иахьаҿу аинтерес ду аманы иҟоуп. Ари атенденциа адунеи зегь аҟны аҭыԥ амоуп. Италиаа, партугалиаа рхатә сортжьқәа, автохтонтә жьқәа даара нап рыдыркылоит. Уи агьамабаҩ илаԥшҳәаа акыр иарҭбаауеит. Ҳәарада адунеи зегьы феидара аиуеит ажәытә аԥсуа жьхкқәа еиҭашьақәыргылахар, урҭ аҩыҟаҵараҟны ахархәара роур. Аахәаҩ аԥсуа сортқәа идырыр – уи даара ибзиоуп", агәрагара имоуп акритик.
Александров ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит аҩы агьамабаҩ иусура акәама-ҵамарақәа ртәы.
"Аҩы абзиабаҩи, агьамабаҩи еиԥшым. Аҩы бзиа избо ауаҩы "исгәаԥхеит" ма "исгәамԥхеит" иҳәоит. Агьамабаҩ – аҩы зигәаԥхаз ма изигәамԥхаз дазааҭгылоит. Агьамабаҩ ҟаза илшоит иарбан технологиақәоу ахархәара зҭоу, ибзиахаз, ибзиамхаз. Убри азы агьамабара аԥышәеи адырреи аҭахуп", — ҳәа азгәеиҭеит Александров.
Аԥсны аҩызауадқәа руак ацех аиҳабы Диана Арышԥҳа илыԥхьаӡоит ауснагӡатә аҟазацәа рзы адагьы иара ус аҩы абзиабаҩцәа рзгьы аинтерес аҵоуп ҳәа.
"Ҳара аҟазацәа ҳзы ҳәарада ари ауснагӡатә аинтерес амоуп. Сара еснагь исҭахын ауаажәларра рҟны аҩыжәра акультура аларҵәара. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп. Асеиԥш иҟаз аҟаза ааԥхьара ахьирҭаз даара сгәы иахәоит. Ауаа ирдыруазароуп аҩы закәу, ишыжәтәу" — лҳәеит лара.
Аҩгьамабара ауснагӡатә ԥшьымш инарзынаԥшу имҩаԥысуеит. Абри аамҭазы Сергеи Александров аҭыԥантәи аҩыҟаҵаҩцәа дырԥылоит, аҩеиқәаҵәа, аҩы шкәакәа, ашампан ҩы, ихәмаруа аҩы, аҩы ӡла уҳәа ргьамабара мҩаԥигоит. Урыстәылатәи асас иара убас ирбахоит Аԥснытәи аӡахәаҭрақәа, аҩыҟаҵара атехнологиақәа.