Аиереи Виссарион: ҳара абзиеибабара ҳацәмаҷхеит

© Sputnik Роберт ДжопуаАиереи Виссарион.
Аиереи Виссарион. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны адинеиҟәшара алҵшьас иҟоу атәы ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аиҳабы аиереи Виссарион (Аԥлиа).

Адинеиҟәшара атәи, изыхҟьази, уи алҵразы иҟаҵатәу атәы ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аиҳабы аиереи Виссарион (Аԥлиа).

Аиҿцәажәар мҩаԥигон Роберт Џьапуа.

— Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа сара иахьынӡеилыскаауа ала аҭыԥ иқәҵам. Аамҭа-аамҭала абри азҵаара цәырҵуеит. Аиереи Виссарион, иаҳзеиҭашәҳәа иҟалозар ҳреспубликаҟны адинеиҟәшара мзызс иаиуз?

— Угәы унархьуеит Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәамаҟны адинеиҟәшара ахьыҟоу. Иахьакәзаалакгьы, Аԥсноума, Бырзентәылоума, Урыстәылоума даара ишәарҭоуп. Аиҟәшара ажәларқәа зегьы рзы ирыцҳароуп. Абасеиԥш иҟаз аиҟәшара аҭыԥ аман Урыстәыла шәышықәса раԥхьа, ареволиуциа аламҭалаз. Ауахәаматә зҵаарақәа жәлар реизарақәа рҟны ирыӡбон. Асеиԥш ҟалашьа амам. Ҳара ауаҩытәыҩса иԥсы ҳалацәажәозар, иаадыруазароуп аԥсы шымԥсуа, хәы шамам. Христос – иаӡәыку нцәоуп, ҳара ҳзы икыдырҵаз нас зыԥсы ҭалаз. Абри аԥсҭалара зегь алахәхароуп. Ауахәама еснагь аиҟәшара иаҿагылан. Иара ахы ианархәон алеишәеи агәшаҭареи. Амҩа иаша иацәҟьалаз, аха дышиашам еилызкааз иганахьала еснагь агәшаҭара ыҟан. Ҳара ҳҟны ус иҟамлеит. Ҳара ҳуахәамамаҵзурауаа ажәлар рыгәрагара рхы иархәаны абри аиҟәшара мҩаԥыргеит. Ажәлар еснагь ирарҳәоз агәра ргон. Ҳара аепископ дҳамам, аепископ Константинопольынтәи даҳзаарышьҭуеит, ҳәа анрарҳәа агәра ргеит. Уаҟа иҟан адепутатцәагьы иара ус ауаагьы. Дара, патриотцәак рыҳасабала инеиит ауахәама аус аӡбразы. Ҳәарада уи иашамызт. Аха иара иунарбон аԥсуа жәлар ауахәама аҭагылазаашьа рыӡбарц шырҭаху. Уи азы аконсультациақәа аҭахын. Агха ҟазҵаз инеиз ракәым, — еиҿызкааз роуп. Урҭ рыхьӡқәа ҳара ибзианы иаадыруеит: Андреи (Амԥар) Дорофеи (Дбар) роуп. Андреи уажәы ари аҭагылазаашьа дацәхьаҵны дыҟоуп. Ҳара агәра аагоит урҭ Аԥсуа иашахаҵаратә уахәамахь игьыжьып ҳәа.

— Шықәсқәак раԥхьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ишԥазыҟоу Урыстәыла Аиашахаҵаратә уахәама?

— Москвеи Урыстәыла зегьи Рпатриарх иҳәон аԥсуа уахәамаҵзуҩцәа маҷуп ҳәа, агәра игоит дара зегьы Аԥсуа иашахаҵаратә уахәамахь ииасны иара аизырҳара нап адыркып ҳәа.

— Ареспублика анапхгара абри аганахьала ргәаанагара зеиԥшрои?

— Ииашам уаанӡатәи атәыла анапхгара 2011-2012шш. рзы иҟалаз аҭагылазаашьа ахьалдыршаз. Аԥсны Аиустициа аминистрраҟны иҭарҩит Аметрополиа. Ус аҟаҵара ҟаломызт. Убриала дара ақәшаҳаҭхеит Аԥсны Ауахәамақәа ҩба рыҟазаара. Аиашақәа ҩба рыҟалара залшом. Уи ҳҳәынҭқарразы ишәарҭоуп. Иахьатәи анапхгара ҳаилыркаап ҳәа ҳаԥшуп. Аус здыруа уанырзымҵаауа убас иҟалоит. Москвеи Урыстәыла зегьи Рпатриархгьы иҳәеит ас аҟаҵара иашамызт ҳәа. Иахьатәи Аԥсны Ахадагьы уи бзианы еиликаауеит. Иара бзиабарала иҭахуп Аԥсуа иашахаҵаратә уахәамахь зегь реидкылара. Ҳара ҳақәгәыӷуеит Рауль Џьумка-иԥа, аиҳабыра, адепутатцәа, ажәлар рыгха, рҩашьара еилкааны аиашарахь ихынҳәып ҳәа.

— Иарбан мҩақәоу аиҟәшара арманшәаларазы ижәбо?

— Аиашахаҵаратә уахәама ҳәа иҟоу акоуп. Аӡәы иазхеиҵоит, аҽаӡәы иазхеиҵом – аха уи акгьы аанагом. Ихадароу аԥҟарақәа рықәныҟәароуп. Аԥсынгьы иаразнак иазхарымҵеит. Мышкызны Аԥсны азхаҵареиԥш ҳара ҳазҵаарагьы аӡбра аиуп, аепископгьы дҳауп ҳәа ҳгәыӷуеит. Ҳара иаҳҭахым Канстантинополь мамзаргьы Иерусалим рҟынтәи аепископ иоура. Избанзар ҳара иаҳҩыза хаданы иҟоу Урыстәылоуп. Ҳакзаароуп мчыс иҳамоу. Ҳаӡәымхар, апроблемақәагьы ҳауеит. Иахьазы иҳахьны иҟоу абзиаеибабара ацәыӡроуп. Агха дарбанызаалак ихьыр ауеит, аха дарбанызаалакгьы азин имоуп аҽыриашаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0