Сослан Салаҟаиа: Симон Басариа амилаҭтә идеиа аԥҵаҩцәа дыруаӡәкын

Симон Басариа.
Симон Басариа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
131 шықәса ҵит еицырдыруа ауаажәларратә-политикатә усзуҩ Симон Басариа диижьҭеи.

Саид Барганџьиа, Sputnik

1884 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан диит еицырдыруа ауаажәларратә-политикатә усзуҩ, арҵаҩы, аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы, агеографиеи, аекономикеи аетнографиеи рҟаза Симон Басариа.

Симон Аԥсуа

Симон Басариа диит анхаҩ иҭаацәараҿы. Иара илшеит Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рҟны ишьҭамҭа ду ааныжьра, ҳәа еиҭеиҳәоит Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵааратә институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Сослан Салаҟаиа.

"Иара жәлар рырҵаҩы иакәны дыҟан. Ашьхарыуаа рышкол аушьҭымҭа, нас далгеит Гори ақалақь аҟны Кавказтәи арҵаҩратә семинариа. Акраамҭа Нхыҵ Кавказ аус иуан".

Салаҟаиа иазгәеиҭеит Симон Басариа Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә ҵысра илагала ду шалоу.

"Иара дреиуан еицырдыруа аԥсуаа рыгәҭа аҵаралашара аларҵәаразы Бзыԥтәи аилак аиҿкааҩцәа. Аус ициуан кавказҭҵааҩ Николаи Марр".

Симон Басариа амилаҭтә ҵысра алидерцәа дыруаӡәкын.

Аҟәа амитинг, 1921 шықәса, хәажәкыра. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа 1921 шықәсазы ақырҭуа меншевикцәа рҟынтә ахақәиҭра иазықәԥон

Иара активла агазеҭқәа рҟны дықәгылон. Симон Аԥсуа ма Михаил Аԥсуа ҳәа хьыӡшьараны иман.

Симон Аԥсуа икьыԥхьхьан анаукеи, асахьаркыреи, аполитикеи рҟазшьа змаз астатиақәа рацәаны.

Симон Басариа иҭынха

Симон Басариа Аԥсны Жәлар Рсовет аиҿкааҩцәа дыруаӡәкны дыҟан.

Сослан Салаҟаиа ишиҳәо ала, Аԥсны ԥхьаҟатәи алахьынҵа ахьырыӡбоз, 1917 шықәса абҵарамзазы имҩаԥысуаз аизара ду аҟны Симон Басариа илагала дууп.

"Абольшевикцәа асовет мчрахь иахон, аменшевикцәа – Қырҭтәылеи Аахыҵ Кавкази рахь. Убри аамҭазы Симон Басариа иҩызцәеи иареи ирылдыршеит Аԥснытәи Жәлар Рсовет аиҽкаара. Аԥсни Ашьхарыуаа Рреспубликақәеи реизааигәарагьы алшеит убри иахҟьаны".

Симон Басариа иҽазҵәылхны даҿагылон аменшевикцәа Аԥсны иазыруз аоккупациа, Османтәи аимпериаҟынтәи аҭырқәцәа цхыраара ҳәа дрыҳәон.

Убри иахҟьаны акраамҭа ишьҭазаҩын. Аамҭақәак рзгьы дҭакын. Аԥсны асовет аамҭа раԥхьатәи ашықәсқәа рзы Ашьхарыуаа Рреспубликақәа рҩызара ҳәа дызхьыԥшыз аидеиагьы рацәак еилкаара арымҭеит.

Салаҟаиа иажәақәа рыла иара атәыла аполитикатә ԥсҭазаара дацәхьаркит.

Пресс-конференция министра иностранных дел Вячеслава Чирикба. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Қырҭтәыла аделегатцәа аԥсуаа ирырҭеит Нестор Лакоба дызну акинохроника

"Аԥсны агеографиеи, аетнографиеи, аекономикеи рганахьала" ҳәа зыхьӡыз ишәҟәы Аԥсны аҭоурых иазкыз раԥхьатәи ашәҟәқәа ируакын. Уаҟа инарҭбааны иалацәажәан амҳаџьырра арыцҳара, Самырзаҟан амилаҭеилаӡҩара, аменшевикцәа раоккупациа. Аха ашәҟәы амарксизм иацәыхароуп, изҩызгьы дмилаҭеилыхҩуп ҳәа дрыԥхьаӡеит.

30-тәи ашықәсқәа раан имҩаԥыргоз аполитика дзацәцазаргьы уи аамҭақәак ракәхеит. 1941 шықәсазы Симон Басариа деиҭаргәалашәеит.

"Иҵаҵӷәыданы ахара идырҵеит идгылаҩцәеи иареи афашист Германиа ахаҭарнакцәа рԥылара игәы иҭан ҳәа, германиатәи аԥшыхәра дагентуп ҳәа дыршьеит. Басариа даанкылан, нас дкыдҵаны дыршьит".

Сослан Салаҟаиа Симон Басариа ипатриотра адагьы аԥсуа милаҭтә идеиа аԥҵаҩцәа дреиуан ҳәа ишьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0