АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Хықәкылатәи апрограмма "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҟны иҟоу аҭоурых-культуратә обиектқәа аинвентаризациа рзура" иазыԥхьагәанаҭоит 2500 ҭоурыхтә обиект аинвентаризациа рзура лҳәеит Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, хықәкылатәи апрограмма "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҟны иҟоу аҭоурых-культуратә обиектқәа аинвентаризациа рзура" иазыԥхьагәанаҭоит 2016 шықәса инаркны 2018 шықәсанӡа аусура.
Апроект анагӡаразы иазоужьуп 15 миллион 500 нызқь мааҭ.
Лара иазгәалҭеит апрограмма ишазыԥхьагәанаҭо иаарту аинформациатә система аԥҵара, акультуратә ҭынха аобиектқәа аԥыжәара рыҭара, аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьӡ иашала ашьақәыргылара.
Аминистрцәа Реилазаара еицҿакрыла ирыдыркылеит хықәкылатәи апрограмма «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҟны иҟоу аҭоурых-культуратә обиектқәа аинвентаризациа рзура».