Аԥсақәеи аԥсаӡқәеи Аԥсны иахьаҵанакуа рыхҵәара ҟалаӡом

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшықәсҿыцазтәи аԥсаҵлақәа реиқәыршәара. Архивтә фото.
Ашықәсҿыцазтәи аԥсаҵлақәа реиқәыршәара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Ақәҵара - аԥсақәеи аԥсаӡқәеи рыхҵәара азин ҟазымҵо.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 — Sputnik Саид Барганџьиа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны ԥхынҷкәын 7 инаркны Аԥсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа аԥсеи аԥсаӡи рыхҵәара азин аанкылоуп, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи адац змоу аԥса аагара ҟалом.

Ҩажәеижәаба ԥсаҵла инареиҳаны Аҟәа аԥшаҳәаҿы еиҭаҳан

Ақәҵараҟны иҳәаақәҵоуп аиҭаҳатәқәа рыхьчараз ауснагӡатәқәа.

Аԥсны абнанхамҩа аҳәынҭқарратә Усбарҭа аиҳабы Анзор Ашәхәаҵаа иазгәеиҭеит Ақәҵара хымԥадатәины ишыҟоу агәырҵлақәа реиқәырхаразы.

Аԥыза-министр инаҵшьны иазгәеиҭеит ари Ақәҵара аҭахра.

"Аԥсақәеи аԥсаӡқәеи хызҵәо рыхьӡқәа аартны иҳәалатәуп. Урҭ ҳаԥхьаҟа ҳәа ихәыцӡом. Ԥсак хыуҵәар жәаба еиҭоуҳароуп", — иҳәеит Амқәаб.

Аԥыза-министр иҳәеит аԥсаӡқәа ахьырҭиууа аџьармыкьақәа шеиҿкаатәу.

"Ауаа еиқәыршәатәуп аныҳәамшха", — иҳәеит иара.

Ашәхәаҵаа иҳәеит сынтәа иазхаша аԥсаӡқәа ааргараны ишыҟоу.

Иара иазгәеиҭеит аԥсаӡҭирҭа џьармыкьақәа рҭыԥқәа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ишҳәаақәырҵо.

Амқәаб иазгәеиҭеит ашколқәеи аинтернатқәеи ҷыдала ԥсаӡла ишеиқәыршәатәу.

Аминистрцәа Реилазаара еицҿакрыла ирыдыркылеит абри Ақәҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0