АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Бырзентәыла аҳҭнықалақь Афины имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа "Greek Tourism Expo" аҟны аԥсышәала иҟаз абаннер кныхны ақырҭуа бираҟ кнарҳаит, ҳәа Қырҭтәыла АИХ иҟарҵаз аҳәамҭа аиаша иақәшәом, иҳәеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата апрезидент Геннади Гагәылиа.
"Ақырҭуа емигрантцәа аԥсышәала иҟаз абаннер кныхны ақырҭуа бираҟ кнарҳаит рҳәеит. Сара усеиԥш акгьы сымбеит – ацәыргақәҵа нҵәаанӡа сыҟан аха… Ари амц, ԥаршеимцуп", — иҳәеит иара.
Гагәылиа иазгәеиҭеит аԥсуа делегациа ацәыргақәҵа ралахәра аганахьала Қырҭтәыла апротест ҟанаҵеит, уи ԥхьаҟагьы ус ҟанаҵалоит ҳәа.
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата апрезидент Геннади Гагәылиа иазгәеиҭеит уи аҭагылазаашьа аԥсуа павильон иамаз аинтерес анырра шанамҭаз.
"Ацәыргақәҵа асасцәа Аԥсны гәахәарыла ирыдыркылеит. Сгәы иаанагоит ҳара ҳаҟазаара ацәыргақәҵа арԥшӡеит ҳәа. Зегь аинтерес кны ҳаалыҵ агьама рбон", — иҳәеит Гагәылиа.
Иара убасгьы иҳәеит ацәыргақәҵа амҩаԥысраан еиуеиԥшым афирмақәеи дареи аиқәшаҳаҭрақәа шрыбжьарҵаз.
"Аха урҭ афирмақәа рыхьӡ аҳәара сҭахым, избанзар ақырҭуа ган абри зегьы иаԥхьоит", — иҳәеит иара.
Бырзентәыла аҳҭнықалақь Афины имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа "Greek Tourism Expo" иалахәын 120 туристтә фирма ЕАШ, Урыстәыла, Европа, Ҭырқәтәыла рҟынтәи.