00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Драндатәи абахҭаҟынтә ибналаз ацәгьауаҩ даанкылоуп

© Sputnik / Илона ХварцкияАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Драндатәи абахҭаҟынтә ибналаз ацәгьауаҩ Бачуки Латариа Шаумиановка ақыҭаҟны дааныркылеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 — Sputnik. Драндатәи абахҭаҟынтә ибналаз ацәгьауаҩ Бачуки Латариа Шаумиановка ақыҭаҟны дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Абналаҩ иаанкылара напхгара аиҭон Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба.

"Абахҭаҟынтәи ибналаз Бачуки Латариа иаанкылара алыршахеит аиҽкаара бзиа змаз аусура иалҵшәаны. Иара даанкылан ԥхынҷкәын 10, 17:45 рзы, ақыҭа Шаумиановка иаҵанакуа абнаратә массив аҟны", ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Ацәгьауаҩ ишьҭан Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура русзуҩцәеи.

МВД. - Sputnik Аҧсны
Леонид Ӡаԥшьба: аоппозициа реизара ду аҟны азинеиҿкаара еиқәҳаршәоит

"Аминистр ҭабуп ҳәа реиҳәеит ауснагӡатә ҷыда иалахәыз зегьы. Гәылрыԥшьтәи РОВД аиҳабы инапынҵақәа назгӡо Асҭамыр Ҳагәышь иааирԥшыз апрофессионализм азы изаамҭанытәим амилициатә чын – аподполковник, ианашьахеит", ҳәа азгәаҭоуп Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Бачуки Латариа 2014 шықәса раахыс дҭакуп (ААК ахәҭаҷ 119, ахәҭа 2). Ашьауӷатә кодекс ахәҭаҷ (абџьар ахархәарала ауаҩы имҵарсра) иазыԥхьагәанаҭоит 12 шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәдаатәра.

Бачуки Латариа абахҭаҟынтәи дыбналеит ԥхынҷкәын 10 рзы, ашьыжь.

Ажәабжьқәа зегьы
0