АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Археолог, кавказҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩ Иури Воронов игәалашәара иазкыз адәнытә семинар мҩаԥысит Ҵабал ақыҭаҿ, ахәаша, ԥхынҷкәын 11 рзы.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа археологиатә комиссиа ахантәаҩы, академик, аҭоурых наукақәа рдоктор Олег Бӷажәба иазгәеиҭеит иаарту асеминар Аԥсилиа ихадаз абаа ахыжәжәарақәа рҭыԥ аҟны ишымҩаԥысуа.
"Араҟа иԥсахьынӡаҭаз аус иуан Иури Воронов, 15 шықәса дуӡӡа араҟа имҩаԥаагон ажрақәа, аԥшаарақәа. Нас аибашьра иалагеит. Ирацәан иҳамаз апланқәа. Иҟоуп ҳзыхьӡаз. Иаҳҭахын иаарту ажәҩан аҵаҟа иҟоу амузеи аиҿкаара… иахьагьы џьара ак ҟаҵатәуп, мамзар абарҭ рҩызцәа аныхабаақәа раԥҵара зылшоз ҳазхылҵыз рҿаԥхьа ауал шҳақәу ҳаанхоит", — иҳәеит Бӷажәба.
Абри абааҟны ауп Аԥсилиа иқәынхоз аӡы иахьӡаархуаз. Бӷажәба иара убасгьы иазгәеиҭеит абаа архитектуратә баҟаны ишыҟоу иара убри аамҭаз ауахәаматә баҟа акәынгьы ишыҟоу. Заатәи ақьырсианраамҭа ишаҵанакуа. Ари даара узыхӡыӡааша акәны иҟоуп иҳәеит иара.
ААУ аҭоурых факультет адекан Алик Габелиа иазгәеиҭеит асеминар шеиҿкааз Иури Воронов ихьӡ зху анаука-культуратә центр аԥшьгарала, ААУ адгыларала. Иара рхы аладырхәит аҭоурых факультет астудентцәа, АБИГИ аусзуҩцәа, Аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа.
ААУ аҭоурых факультет, ахԥатәи акурс астудент Ҭемыр Соломко асеминар иналукааша хҭысуп азиҳәеит.
"Иахьатәи амш сара сзын акраҵанакуеит. Ари аҭоурыхтә баҟа ашьаҭа адыркит ҳара ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа. Аҭоурых алакьысра аинтерес аҵоуп — уи даара акыр иаԥсоуп. Ари аҭыԥ уанахәаԥшуа, еилукаауеит, аргылара цәгьала ишыуадаҩыз, аџьабаа ду шацыз. Акраҵанакуеит иара убас, ара аус зуаз археологцәа русура", — игәаанагра иҳәеит Соломко.
Археолог кавказҭҵааҩ Иури Воронов диит лаҵарамза 8, 1941 шықәса рзы Ҵабал ақыҭаҿы. 1991 шықәса рзы Аԥсны Ареспублика Иреиҳау Асовет депутатс далхын. Ҳәажәкыра 1992 шықәса инаркны ԥхынҷкәын 1993 шықәсанӡа хадара азиуан ареспублика Иреиҳау Асовет акомиссиа ауаҩы изинқәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ирызкыз. 1993 шықәса рзы Аԥсны Аминистрцәа Рсовет ахада ихаҭыԥуаҩыс даҭан, 1995 шықәса рзы авице-премиерс.
Иури Воронов — 500 инареиҳаны анаукатә публикациақәа дравторуп, урҭ рахьтә 30 монографиақәоуп.
Иури Воронов дыршьит цәыббрамзазы 1995 шықәсазы иуаҭах аԥхьацәҟа Аҟәа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиигәара джуп. Аҳҭнықалақь агәҭа иҟоу амҩақәа рыуак ихьӡ ахыуп.