Гәарамиа: астудентцәа рфорум ауниверситетқәа реимадара шьақәнаргылоит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАнаука-ҵаратә форум аартра.
Анаука-ҵаратә форум аартра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, ԥхынҷкәын 9 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаатит "Акультурабжьаратә еинырраҟны анаукеи аҵареи рҿиара ринновациатә ҭагылазаашьақәа" захьӡу анаука-ҵаратә форум.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахаша, ԥхынҷкәын 9 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаатыз "Акультурабжьаратә еинырраҟны анаукеи аҵареи рҿиара ринновациатә ҭагылазаашьақәа" захьӡу анаука-ҵаратә форум аҟны дықәгыло ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа иазгәеиҭеит астудентцәа рфорум ААУи Уралтәи арҵарҩатә университети реимадара шьақәнаргылоит ҳәа.

Афорум иалахәуп Аԥснытәи Аҳәынҭқарратәи университети Уралтәи арҵаҩратә университети рҟынтәи астудентцәа, аспирантцәа, арҵаҩцәа ҿарацәа. Афорум аартра аԥхьа иара алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ахьӡ-аԥша апарк аҟны, иаҭааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи.

Афорум ааиртит ААУ аректор Алеко Гәарамиа.

"Иахьа иҵит шықәсык ҳауниверситетқәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩижьҭеи. Иахьатәи афорум аҟны ишьҭаҳхраны ҳаҟоуп аҵаки аинтереси змоу атемақәа", — иҳәеит иара.

Уралтәи арҵаҩратә университет ахаҭарнакцәа руниверситет аректор Алевтина Симонова лыхьӡала ААУ аректор Алеко Гәарамиа инапы иадыркит ауниверситетқәа рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәаразы ҭабуп ҳәа зҳәо ашәҟәы.

"Афорум аиҿкааразы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Иахьатәи ҳастудентцәа иреиԥшхоит уаҵәтәи ҳԥеиԥшгьы. Урҭ ирылшароуп адунеи аиӷьтәра", — лҳәеит Наталиа Леоненко, Уралтәи арҵаҩратә университет академиатә центр адиректор.

Афорум аҿы исасцәаны иҟан Приднестровиеи Донецктәи жәлар рреспублика рделегациақәа.

"Ҳара аусеицуразы алшарақәа ҳамоуп. Донецктәи ареспубликаҟны аҵара аспектрқәа зегьы ыҟоуп, иҟоу ашьаҭала ҳара иҳалшоит ҳԥеиԥш аҵаҵӷәы аҭара", — иҳәеит ДНР аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Кушаков.

Астудентцәа рфорум аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡырыргоит апроектқәа: "Акультурабжьаратә диалог", "Зыԥсы ҭоу аҭоурых", "Аетнодунеи".

"Афорум астудентцәа рзы ихәарҭоуп. Урҭ ара рԥышәа еимырдоит. Уралтәи ауниверситет астудентцәа аԥсуа традициақәа, ақьабызқәа ддырдыруеит, даргьы иара убас. Сгәы иаанагоит ԥхьаҟатәи ҳапланқәа нагӡахоит ҳәа", — азгәалҭеит ААУ адоцент Ельза Аиба.

Ауниверситет актәи акурс астудентцәа адиспансеризациа иахрыжьуеит

Лара лажәақәа рыла афорум аусура ҩ-хырхарҭак аман иҟоуп.

"Актәи – астудентцәа рфорум, аҩбатәи – аколлегацәа русура", — лҳәеит Аиба.

Афорум алахәылацәа асеиԥш иҟоу афорумқәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа иазырыԥхьаӡоит.

"Иахьынӡалшо аиҩызаратә еимадарақәа шьақәыргылатәуп. Ажәларқәеи аҳәынҭқаррақәеи аиҩызара анрыбжьо аполитика мчыдоуп",- иҳәеит Уралтәи арҵаҩратә университет Никита Косарев.

Афорум иахықәкны иҟоуп иреиҳау аҵараиурҭақәа рыбжьара акультурабжьаратә еинырраҟны анаукеи аҵареи рҿиара ринновациатә ҭагылазаашьақәа реиҿкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0