Аԥсны иҭырхыз афильм "Софичка" ахәаԥшцәа ирбоит ааԥын

© Sputnik / Илона Хварцкия"Софичка" афильм аҭыхрақәа.
Софичка афильм аҭыхрақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Александр Сакуров иҵаҩы, арежиссиор Кира Коваленко "Софичка" ахәаԥшцәа ирыдылгалоит иааиуа ааԥынраз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Икоммерциатәым афонд "Аинтонациа аҿырԥшы" акиностудиа "Ленфильми" иареи иазыԥхьагәарҭеит Фазиль Искандер иповест иалхны Аԥсны иҭырхыз афильм "Софичка" иааиуа ааԥынраз ахәаԥшҩа изцәыргара, ҳәа аанацҳауеит акиностудиа "Ленфильм" аофициалтә саит.

Съемки х/ф Софичка. - Sputnik Аҧсны
Афильм "Софичка" аҵыхәтәантәи амш аҭыхра хыркәшахеит

"Ҳәарада афильм хәажәкырамзазы иазгәарҭараны иҟоу Фазиль Искандер 87 шықәса ихыҵраан иҳамҭа духашт", ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

Асахьаркыратә фильм "Софичка" аҭыхрақәа хыркәшахеит цәыббрамзазы. Урҭ мызкы инацны имҩаԥысуан. Иара иадыԥхьалан аԥсуа артистцәагьы.

"Аҭыхрақәа рылагамҭаз ареквизит азы ауадаҩрақәа ыҟан, аха аҭыԥантәи ауааи амузеиқәеи ацхыраара ду ҟарҵеит", ҳәа азгәаҭоуп акиностудиа аацҳамҭаҟны.

"Софичка" аоператор-қәыргылаҩс дыҟан Аират Иамилов, асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩс – Георги Колотыгин. Еицырдыруа арежиссиор Александр Сакуров асахьаркыратә напхгара мҩаԥигон.

"Афильм ахәаԥшцәа Аԥсны ажәлар рыԥсҭазаара деилнаркаар – иреиҳау ҳамҭахоит. Зегь раасҭа ихадоу, афильм иахәаԥшыз, ашәҟәы аԥхьарагьы игәаԥхартә аҟаҵароуп", — иҳәоит Сакуров.

Акартина, Икоммерциатәым афонд "Аинтонациа аҿырԥши" акиностудиа "Ленфильми" Аԥсны иҭырхит.

Ажәабжьқәа зегьы
0