00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҳаџьымбеи Нургалиеви ашәарҭадара аусхк аҿы русеицура маншәалан иршьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба диԥылеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба диԥылеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба диԥылеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 — Sputnik. Аганқәа гәахәарыла иалацәажәеит аурыс-аԥсуа усеицура ашәарҭадара аусхк аҟны, ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ганрацәалатәи ҳусеицура ацҵареи арӷәӷәареи", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аиԥылараан иалацәажәан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы иаку аҵакыра аиҿкаара азҵаарақәа.

Ҳаџьымба: Еидҵоу арбџьармчқәа реиҿкаара Аԥсны ашәарҭадара иацхраауеит

Рашид Нургалиев иазгәеиҭеит ишымҩаԥгаз Атәылахьчара аминистрреи, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадареи рганахьала мҽхакыҭбаалатәи аусурақәа. Иара иажәақәа рыла арҭ ауснагӡатәқәа зегьы иалдыршараны иҟоуп Урыстәылеиԥш Аԥсынгьы аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи.

Аԥсны Ахада иҳәеит арҭ азҵаарақәа аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьаҟны ихадоу аҭыԥ шааныркыло.

"Адунеи аҟны имҩаԥысуа апроцессқәа иаҳдырбоит Урыстәылеи ҳареи еиҳагьы ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалар шакәу. иазыԥхьагәаҭан иҳамаз аусқәа рҟынтәи акыр иахьазы инагӡоуп уҳәар алшоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵарҩыз аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит адәныҟатәи аполитикаҟны аусеицура, иаку атәылахьчаратәи ашәарҭадаратәи ҵакыра аԥҵара. Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа инапы аҵеиҩит Аԥсни Урыстәылеи рыр иаку ргәыԥ аԥҵаразы Аиқәшаҳаҭра абҵара 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0