АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "2025 шықәсанӡа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Астратегиа" ахьынӡамҩаԥааго иҟалашт аԥсахрақәа, иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Жәларбжьаратәи афорум "Евразиатәи астратегиатә процессқәа рконтекст аҟны Аԥсны аҿиара Астратегиа" алахәылацәа дырԥыло.
Иара иазгәеиҭеит "2025 шықәсанӡа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Астратегиа" иаҭахны иҟоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны аус адулара.
Ҳаџьымба ҭабуп ҳәа реиҳәеит аконференциа алахәылацәа зегьы.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны шазыхио активла асоциал-економикатә проблемақәа рыӡбра.
Арегионалтә економикатә интеграциа азҵаарақәа рзы Урыстәыла Апрезидент Иабжьагаҩ Сергеи Глазиев иазгәеиҭеит реиҳа ихадоу зҵааран ишыҟоу астратегиа анагӡара.
"Астратегиа ҳгәаԥхеит. Ихадоу азҵаара иара анагӡароуп. Абраҟа ҭшәарраны иаҳзыҟоу аԥаразоужьроуп", — иҳәеит иара.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла ишалымшо астратегиа анагӡара. Иаҭахны ишыҟоу аинвестициақәа рааԥхьара.
2025 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара астратегиа х-етапкны аус аулоит. Аконцепциа иҳәаақәнаҵараны иҟоуп асоциал-економикатә усхк аҟны азҵаарақәа рыӡбразы аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа.