АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны аҿиара акраамҭатәи астратегиа Урыстәыла ҳазыԥшижьҭеи акырҵуан, иҳәеит арегионалтә економика аинтеграциа азҵаарақәа рзы Урыстәыла Ахада иабжьагаҩ Сергеи Глазиев, ахаша, ԥхынҷкәын 16 рзы.
Анаукатә шьаҭа змоу адунеи аҽанаԥсахуа аамҭазы акультура-доуҳатә малқәеи аԥыжәарақәеи ралкаара аҵак ду аманы иҟоуп хра аманы аҿиаразы, иҳәеит Глазиев.
"Аҵак ду амоуп апрограмма Урыстәылеи Аԥсни рстратегиатә усеицуреи реидгылареи рыҿиара иахьацнаҵо. Иара убри аамҭазы ҳара ибзианы ҳазхәыцроуп иаҳзықәгылоу ахықәкқәеи аусдҵақәеи шынаҳагӡаша", ҳәа азгәеиҭеит аексперт.
Жәларбжьаратәи афорум "Евразиатәи аинтеграциатә процессқәа аконтекст ала Аԥсны аҿиара астратегиа" еиҿыркааит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара, атәыла Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр. Афорум аусура иалахәуп аԥснытәии урыстәылатәии експертцәа.