14 шықәса зхыҵуа Зураб Попов ацхыраара иҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗураб Попов.
Зураб Попов. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит 14 шықәса зхыҵуа Зураб Попов ихәышәтәразы аԥареизгара. Еизгатәны иҟоуп 200 000 мааҭ аԥара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. 14 шықәса зхыҵуа Зураб Попов иԥсихомотортә ҿиара аангылоуп. Даныхәыҷыз инаркны ихымҩаԥгашьа аҟазшьа ҷыдақәа аманы иҟан. Абыжкреи агрессиеи изцәырҵуан, лҳәеит аҳақьым-аԥсихиатр Заира Джиоева.

Лара лажәақәа рыла Зураб ихшыбаҩ аусура еилагоуп. Уи даниз ициз акоуп. Аныҟәара ихьшәаны далагеит, ацәажәарагьы иара убас. Иеизҳараҿ иҩызцәа дрыҵахон. Уажәраанӡа аҳақьым-аневролог иҭагылазаашьа ҭышәыниртәалон, аха уажәы, ишықәсеиҭаҵра дҭагылоуп. Ихымҩаԥгашьагьы анырра анаҭоит, деиҭашәеит лҳәоит Джиоева.

"Зураб уажә имыцхраазар, нас ихьшәахоит, хәарҭа иоуам. Асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа шықәсык ахь ҩынтә ахәышәтәырҭаҟны ишьҭаҵаны ирхылаԥшлатәуп, ихәышәтәлатәуп. Аԥсны усеиԥш алшара ҳамам", ҳәа азгәалҭеит аԥсихиатр.

Лара лажәақәа рыла Зураб инагӡаны ихәышәтәра залшом, аха маҷк акәзаргьы уицхраар ауеит.

Аҭаацәа рҟны Зураб аҩбатәи хәыҷуп. Иан, Лиана Попова лхала илааӡоит ҩыџьа лхәыҷқәа. Зыхәԥса ҳараку ахәышәтәраз аԥара лымам. Зураб еснагь агрессиара илам. Иҟоуп иан аҩны данлыцхраауа. Бзиа ибоит акәашара. Шықәсқәак раԥхьа бреик-данс аҽазыҟаҵарақәа рахь дныҟәон.

"Хышықәса роуп иҵуа аҳақьымцәа рахь иныҟәгара салагеижьҭеи. Уаанӡа, ус злешәа цәгьаз хәыҷыз џьысшьон. Уажәы, зны аҩны амца аиркуеит, зны аҭыӡқәа ԥиҽҽуеит, зны дсыцҳауеит, дысгәыҵасуеит. Ашкол аҟны хазтәи азыҟаҵарахь диажәга рҳәеит. Аҩны ихала иааныжьра шәарҭоуп аха аус зымур ҳныҟәызгода", — лҳәоит лара.

Культурно-благотворительный фонд Ашана. - Sputnik Аҧсны
"Ашана": 3,5 шықәса рыла еизгоуп 25 миллион мааҭ, ихьчоуп 80 ԥсҭазаара

Москва, амедицинатә технологиақәа ринститут аҟны иазыхиоуп Зураб идкылара лҳәоит афонд "Ашана" аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Ихәышәтәра ашьҭахь еиҳа дҭынчхоит, иҩызцәа дрылагылартә дҟалоит" — лҳәеит лара.

Ахәышәтәразы еизгатәуп 200 000 мааҭ.

Зураб ицхырааразы, Аԥсны аҭелтә еимадара абонентцәа афонд "Ашана" абаланс ахь аԥарақәа риагара рылшоит: аҭел аҟны *147* ииажәго аԥара # аҭел асра акнопка. Ииажәгар алшоит 30 мааҭ инаркны 500 мааҭ рҟынӡа мышкы. Мамзаргьы СМС аномер 5050 ахь иаашәышьҭыр шәылшоит — ажәа АГӘЫҲАЛАЛРА ма DOBRO ҳәа арбаны, знык иаашәышьҭыз СМС 20 мааҭ иаԥсоуп. Иара убас абанктә ииагара: "Гарант-банк" ма "Сбербанк" аҟәшақәа рыла аԥара нашәышьҭыр шәылшоит. Ахәыҷқәа шәызларыцхырааша егьырҭ амҩақәа ртәы еилышәкаар шәылшоит Афонд аҭел 222 50 50 ала мамзаргьы асаит www.ashanakbf.com аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0