Константин Симонов Аԥсны даныҟаз иуникалу ипатреҭқәа Москва иддырбоит

© Sputnik / Яков Халип / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшәҟәыҩҩы Константин Симонов
Ашәҟәыҩҩы Константин Симонов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аԥсуа диаспора ԥхынҷкәын 18 рзы имҩаԥнагоит Константин Симонов диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку агәалашәаратә хәылԥазы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Москватәи аԥсуа диаспора ԥхынҷкәын 18 рзы имҩаԥнаго Константин Симонов диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку агәалашәаратә хәылԥаз аҟны ицәыргахоит уаанӡа ирымбацыз апоет Аԥсны даныҟазтәи ифотоҭыхымҭақәа.

Симонов Тҟәарчали Гәылрыԥшьи иҟазаара атәы зҳәо апатреҭқәа аԥсуа поет Денис Чачхалиеи Дырмит Гәлиа имоҭа Татиана Гәлиаԥҳаи рхатәы архив аҟынтә иаагоуп.

"Иҟоуп Симонови Гьаргь Гәлиеи, тҟәарчалтәи апартиа ақалақьтә комитет амаӡаныҟәгаҩ Шьоҭа Шьакаиеи тҟәарчалтәи ашахтақәа руак рыҵалара атәы зҳәо асиужет. Иҟоуп чилитәи апоет Пабло Неруда, Гәылрыԥшь, Симонов идачаҟны иҟазаара аазырԥшуа асиужет", — иҳәеит Чачхалиа.

Константин Симонов аамҭа-аамҭала Гәылрыԥшьтәи идачахь даалон. Араҟа иаԥиҵон аҩымҭақәа, иԥсы ишьон, асасцәа идикылон.

Дырмит Гәлиа диижьҭеи 141 шықәса ҵит

"Иара лассы-ласс иазгәеиҭон Аԥсны аԥсабара аԥшӡара дхыхны дшамаз. Аха Аԥснахьы ибзиабара ахы ахьыҵнахыз Дырмит Гәлиа иҟынтә оуп. Нас уи иҷкәын, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиеи иареи рыбжьарагьы аиҩызара ҟалеит. Абарҭ аҩыџьа рыбзоуралоуп Аԥсны абзиабара шикыз", — ҳәа еиҭеиҳәоит Чачхалиа.

Константин Симонови Баграт Шьынқәбеи реиҩызара акәзар ашәҟәҩыратә усеицурахь икылсит. Симонови апоет-аиҭагаҩ Иаков Козловскии аԥсшәаҟынтә еиҭаргеит аҭоурых роман "Ацынҵәарах".

"Симоновгьы Козловскигьы аԥсшәа рыздырӡомызт. Сара иҟасҵаз цәаҳәа-цәаҳәалатәи аиҭага иқәныҟәон", — иҳәоит Чачхалиа.

Агәалашәаратә хәылԥаз аҟны иаԥхьоит ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рцыԥҵәахақәа, Геликон-опера асолистка, Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцԥҳа иналыгӡоит еиуеиԥшым ашәақәа.

Ахәылԥаз еиҿнакааит Москватәи аԥсуа диаспора.

Ажәабжьқәа зегьы
0