Жәлар Реизара иаку арратә гәыԥ азы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит

© Sputnik Бадрак Авидзба Жәлар Реизара аилатәара.
Жәлар Реизара аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаку арратә гәыԥ азы Аиқәшаҳаҭра адкыларазы Жәлар Реизараҟны 26-ҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит, аӡәы даҿагылеит, ҩыџьа рыбжьы рымҭиит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иаку арратә гәыԥ азы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра Жәлар Реизара аратификациа азнауит ахәаша, ԥхынҷкәын 18 рзы.

Аратификациаз адокумент рыдигалеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Комитет ахантәаҩы Фазылбеи Аҩӡба. Иара иазгәеиҭеит адокумент иахәҭаны иҟаз апроцедурақәа ирхысит ҳәа.

"Иреиҳау усны иҟоу атәыла ашәарҭадара аиқәыршәароуп. Ари азҵаара ҽаамҭанык еиԥшымкәа актуалра амоуп. 2004 шықәса рзы Урыстәылеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳнапы анаҵааҩуаз ҳгәы иаанагомызт асеиԥш ирласны апрактикатә актуалра аиуп ҳәа. Адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьеи ҳакәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьеи ҳрызхьаԥшны адокумент аратификациа азутәны иҟоуп", — иҳәеи адепутат Даур Аршба.

Жәлар Реизара адепутатцәа аӡбаҩцәа быжьҩык алырхит - Sputnik Аҧсны
Жәлар Реизара адепутатцәа аӡбаҩцәа алырхит

Иаку арратә гәыԥ азы Аиқәшаҳаҭра адкыларазы Жәлар Реизараҟны 26-ҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит, аӡәы даҿагылеит, ҩыџьа рыбжьы рымҭиит.

"Ҳара иҳауит аҭагылазаашьа Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала ҳҳәаақәа рыхьчара", — иҳәеит адепутат Георги Агрба.

Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵарҩыз аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит адәныҟатәи аполитикаҟны аусеицура, иаку атәылахьчаратәи ашәарҭадаратәи ҵакыра аԥҵара. Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа инапы аҵеиҩит Аԥсни Урыстәылеи рыр иаку ргәыԥ аԥҵаразы Аиқәшаҳаҭра абҵара 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0