Аԥсны атәылауаа абиометрикатә паспортқәа рыҭара залыршахом

© Sputnik / Томас ТхайцукАдәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаа абиометрикатә паспортқәа Қырҭтәыла рыҭара радыԥхьалара политикатә каҭоуп, уи шзалмыршахо еилкаауп, иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны атәылауаа абиометрикатә паспортқәа Қырҭтәыла рыҭара радыԥхьалара политикатә каҭоуп, Евроеидгыла атәылақәа рахь визада ацара алнаршоит ҳәа ирҳәогьы иашам, иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.

Уаанӡа ақырҭуа ган ҳтәылауаа анеитралтә паспортқәа захьӡу шәаҳҭоит, ҳәа амцԥаршеи рыдыргалон. Урҭ апаспортқәа хаҭала қырҭтәыла иапаспортқәан иҟан, избанзар ақырҭуа структурақәа ракәын изшоз, ҳәа азгәеиҭеит Ҭаниа.

"Ари апроект хыбгалеит. Астатистика иунарбоит ҳуааԥсыра ирарҳәаз рацәак агәра шырымгаз, аинтересгьы шырымкыз. Уи адагьы урҭ апаспортқәа азхазҵаз атәылақәа рхыԥхьаӡара маҷӡоуп", — иҳәеит иара.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит хышықәса рыҩныҵҟа анеитралтә паспортқәа 60 иреиҳамкәа ишыршаз. Урҭ реиҳарак Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра роуп изырҭаз. Уажәы излацәажәо абиометрикатә паспортқәагьы урҭ иреиӷьым, ҳәа иԥхьаӡоит Ҭаниа.

"Сара агәра згоит Аԥсны атәылауаа асеиԥш иҟоу аус рыҽшадрымԥхьало" — иҳәеит иара.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла Қырҭтәыла аполитикатә зҵаарақәа агуманитартә методқәа рыла аӡбра аҭахуп.

"Уажәраанӡа қырҭтәылатәи амчрақәа ирылшо зегь аҟаҵара иаҿын Аԥсны атәылауаа жәларбжьаратәи аиныррақәа ирылыркаарц. Дара рыдҵақәа рылоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳәаанхыҵтәи апаспортқәа рҟны авизақәа зықәыдмыргыло еиуеиԥшым атәылақәа рҟны", — иҳәеит Ҭаниа.

Уаанӡа АИХ аҟны иҟан аҳәамҭақәа Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа рзы абиометрикатә паспортқәа рыҭара армариаразы аусурақәа мҩаԥнагоит ҳәа, уи иалнаршоит урҭ визада Европаҟа ацара рылшо иҟалоит ҳәа. Қырҭтәыла аинышәареи аграждантә еиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр ихаҭыԥуаҩ Қьеҭеван Цихьелашьвили аҳәамҭа ҟалҵеит Еврокомиссиа абри аус ибзиоуп ҳәа ахнаҳәааит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0