АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит XIX ашәышықәса иатәу ақәны иалху, анапылас мпахьшьқәа, ҳәа ҳзаалыцҳаит амузеи аетнологиатә ҟәша анаукатә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа.
"Даара ҳаигәырӷьеит ҳмузеи ахь иуникалу аекспонатқәа ахьаарго. Усеиԥш иҟоу експонатуп ԥшьҵыхәак змоу ампахьшьы. Адунеи аҟны џьаргьы иуԥылаӡом, ԥшьба, хԥа, ааба ҵыхәа змоу ампахьшьқәа. Аекспонат амузеи ахьтәы фонд ханарҭәааит", — лҳәеит Инга Шамԥҳа.
Аетнолог иазгәалҭеит ԥшьҵыхәак змоу ампахьшьқәа аӡахра атехника аганахьала оумашәа иубартә ишыҟоу. Дара еидыӡахылам, ашәҭ ду аорнамент акәзар иунарбоит аҟаза лус заҟа иуадаҩыз, заҟа аҽадцалара аҭахны иҟаз.
Амузеи аусзуҩ Инга Шамԥҳа ҳамҭас амузеи ахь инаргаз аекспонат ҭабуп ҳәа ахылҳәаауеит.
"Аҩны гәаларшәагак аҳасабала ирымҵәахит, ауаа зегьы ирбарц амузеи ахь иааргеит, ҭынхак еиԥш иҟазаарц", — лҳәеит лара.
Аекспонат амузеи иалҭеит Елена Гордиенко. Ампахьшьқәа лнапкымҭоуп лара лан – Дагучеи Леиԥҳа.
"Дагучеи Леиԥҳа еицырдыруаз ҟазан. Лҭаацәеи лхи инархырҳәҳәан ауа-аҭахы, агәыла-азла рзгьы дӡахуан. Лара лхатәы орнамент лыман", ҳәа еиҭалҳәоит Шамԥҳа.
Ԥшьҵыхәак змаз ампахьшьқәа Аԥсны рхы иадырхәон еиуеиԥшым ақьабызқәа рҟны. Насшәа урҭ ачарақәа раан аҽырыҩрақәа рҟны, ахәмаррақәа рҟны, акәашарақәа рҟны иршо иалагеит. Ампахьшьқәа хыршьуан аҭаца лҟазара аарԥшыгаҵас. Ари атрадициа аҭыԥ аман ХХ ашәышықәса анҵәамҭанӡа. Иахьатәи аамҭаз иаҳцәыӡуа иалагаз акы еиԥшхеит.