Чрыгба: Сириеи Палестинеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит

© Sputnik Саид БарганджияАдәныҟатәи аусқәа рминистр ипресс-конференциа.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ипресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба иаҳзеиҭеиҳәеит, Москва аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәеи Сириатәи ареспубликеи Палестинеи рыцҳаражәҳәаҩцәеи реиԥылара шыҟаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Москва аиԥылараан ҳрылацәажәеит Сириеи Палестинеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа, иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба ԥхынчкәын 23, ахаша апресс-конференциаҿы.

Чрыгба иазгәеиҭеит аиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы ишымҩаԥысуашз.

"Сара сириатәи ацҳаражәҳәаҩ изеиҭасҳәеит, шықәсқәак раԥхьа Аԥсны ишымҩаԥнагаз акыр идууз агәыҳалалратә акциа. 500 инареиҳаны асирииццәа раара шеиҿкааз", — иҳәеит Чрыгба.

Еиҭамҵуа амазара. - Sputnik Аҧсны
Чрыгба: еиҭамҵуа амазара атәымтәылауаа раархәара азҵаара ҳазхәыцуеит

Иара иазгәеиҭеит, аибашьра ахьынӡацо аҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара шымариам, аха уи аганахь ала аусура мҩаԥыргалоит.

Анаҩс, адәныҟатәи аусқәа рминистр Палестинатәи ацҳаражәҳәарҭаҿы аиԥылара мҩаԥигеит.

"Ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит ари атәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиӷьтәра", — иҳәеит Чрыгба.

Иара убас иазгәеиҭеит, аусура ахьымҩаԥысло ахырхарҭақәа шыҟало. 

"Палестина даара ирласны иҿиоит. Ҳара ҳазхәыцуан Аԥсни Палестинеи рықалақьқәа реимадара ашьақәыргылара атәы", ҳәа иациҵеит аминистр.

Иара еиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Палестинатәи ауниверситети рыбжьар аиқәшаҳаҭра бжьаҵахар шалшо.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0