Акәымжәы зшәыз авенгр. Константин Ковач иаԥсуашәақәа 101

© Фото : предоставлено Сухумским музыкальным училищемК. Ковач - Аџьа иадҳәалоу ашәақәа рҭаҩра.
К. Ковач - Аџьа иадҳәалоу ашәақәа рҭаҩра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 24 рзы иҵуеит 116 шықәса Аԥсны аҭоурых аҟны раԥхьатәи анотатә ҭыжьымҭақәа равтор, жәлар рашәақәа раԥхьатәи реизгаҩ Константин Ковач диижьҭеи.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Константин Ковач раԥхьатәи аԥсуа композиторуп, раԥхьатәи анотатә ҭыжьымҭақәа дравторуп, жәлар рашәақәа раԥхьатәи реизгаҩ иоуп.

Иара Аԥсныҟа дааит данқәыԥшыз, 26 шықәса анихыҵуаз. Усҟантәи аамҭаз иара профессионалтә музыкантны дҟалахьан. Арахь дааит иоуз ахәра ашьҭахь игәабзиара шьақәиргыларц, ҳәа лҳәоит амузыкаҭҵааҩ Асида Царгәышԥҳа. Араҟа дахьааиз иаразнакы аинтерес икит аԥсуа жәлар рмузыка.

"Ковач дырҩызахеит аԥсуа культура аҟазацәа, аиҳарак Кондрат Ӡиӡариа. Кондрат иоуп иара Нестор Лакоба иахь дназгазгьы. Убасҟан инапы ианырҵеит ақалақь апаркқәеи амҩадуқәеи рҟны ихәмаруаз аԥсыԥтә оркестр напхгара аҭара. Ашьхарыуаа рышкол аҟны амузыка аурокқәа дырҵара идыргалеит. Константин Ковач Лакоба иеиҳәеит жәлар рашәақәа ранҵара шиҭаху".

Аҟазараҭҵааҩ Алықьса Аргәын ишәҟәы "Константин Ковачи аԥсуа ашәеи" аҟны иҩуеит Дырмит Гәылиеи Кондрат Ӡиӡариеи Ковач ақыҭақәа рахь иеикспедициақәа реиҿкаара ишацхраауаз. Дырмит Гәылиа даараӡа ҳаҭыр иқәиҵон акомпозитор қәыԥш.

© Фото : предоставлено Сухумским музыкальным училищемПервый директор музыкального техникума К.В. Ковач. 1930-1937.
Первый директор музыкального техникума К.В. Ковач. 1930-1937. - Sputnik Аҧсны
Первый директор музыкального техникума К.В. Ковач. 1930-1937.

"Зны, Константин Ковач Дырмит Гәылиа иҟны днеит аԥсуа милаҭ маҭәа ишәҵаны. Икәымжәы, иҳазырҭра шкәакәақәа кахәхәа, ираӡны ҟама зыҵдаз имаҟа ҟьаҟьа иӡара еихнаҵәо, изеицкқәа цырцыруа даниба Дырмит Гәылиа дԥышәырччо ус иҳәеит: "Уара уаԥсыуа цқьоуп, Кәасҭа. Асеиԥш уеилазҳәада?" Амузыкант аҭак ҟаиҵеит: "Ишубо еиԥш сыԥсҭазаара аԥсуа қыҭақәа ирыдҳәалоуп. Уахи-ҽни аҽы сақәтәоуп. Аԥсуа ҽы сақәтәаны европатәи костиумла сҽеиласҳәар сабанӡанаалари?!", ҳәа еиҭеиҳәоит Алықьса Аргәын ишәҟәаҟны.

Нинель Бжьаниаԥҳа: амузыкатә ҵараиурҭа альма-матер ҳәа иаҳшьоит

Константин Ковач еиқәиршәеит Аԥсуа музыкатә фольклористика аизга "101 ашәа".

"Ковач Аԥсны иԥсеиԥш бзиа ибеит. Иара иаразнак еиликааит аԥсуа ашәа адунеитә культура ишахәҭакыз, арӡра ҟалашьа змам ак шакәыз. Аԥсуа музыкатә фолькло аԥҵара адагьы аԥсуа музыкатә школ дашьаҭаркыҩхеит", ҳәа азгәалҭоит Асида Царгәышԥҳа.

Ковачи Лакобеи реиҩызара ӷәӷәан, аԥхарра аҵан.

"Нестор иҭахын аԥсуа хәыҷқәа европатәи аклассикатә музыка рҵарц, европатәи аинструментқәа рҟны ихәмарларц. Иара иаан аусхкқәа зегьы ҽаԥара иԥеит. Иара иеиликаауан акадырқәа, иахәҭоу атехника шыҟамызгьы арҭ аусқәа шыҟаҵалатәыз".

Константин Ковач аус рыдиулеит аҵараиурҭа аплан, аилазаара, илиршеит Москвантәи амузыкантцәа рааԥхьара. Москватәии Петербургтәии аконсерваториақәа роушьҭымҭацәа Аԥсныҟа иааны аусура иалагеит. 1930 шықәса рзы Аҟәа иаатит амузыкатә техникум. Ахадараҿы дгылеит Ковач.

"Аусура иалагеит авокалтә, афортепианатә, адирижортә факультетқәа. Амилаҭтә традициақәа рҵакы еилкаауа иаԥиҵеит аетнографиатә сектор", лҳәеит Царгәышԥҳа.

Атехникум ақалақь азы имузыкатә центрны иҟалеит. Иара ашьаҭала асимфониатәи акамертәи оркестрқәа ақалақь ауснагӡатәқәа зегьы ирылахәын, Москва иқәгылон.

© Foto / предоставлено Сухумским музыкальным училищем Симфонический оркестр. Руководитель К.В. Ковач
 Симфонический оркестр. Руководитель К.В. Ковач - Sputnik Аҧсны
Симфонический оркестр. Руководитель К.В. Ковач

Атехникум аҟны Ковач иаԥшьгарала иаԥҵан аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рзы аинтернат.

"Ақыҭақәа рҟны иара ибон ақалақь ахь изымаауаз ахәыҷқәа. Урҭ араҟа иахьынхо рымамызт, аҭаацәагьы рацәак ирҭахымызт рхәыҷқәа ақалақь ахь рышьҭра. Ҳкомпозиторцәа, ҳдирижиорцәа реиҳараҩык ақыҭа иалҵыз роуп, урҭ зегьы абри аинтернат аҟны аҵара рҵон, араҟа инхон", лҳәоит лара.

Константин Ковач Аԥсны аанижьит 1937 шықәса рзы. Ицәгьа ирҳәаз инамаданы игәы иҽанырҵеит. Абарҭ аамҭақәа рзы Нестор Лакоба дыршьхьан. Ковач Аԥсны далымҵызҭгьы, арепрессиа даҵанакуан иҩыза Кондрат Ӡиӡариа еиԥш.

Ажәабжьқәа зегьы
0