АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Ҳазлагаз ареформақәа ирылдыршеит 2016 шықәсазтәи абиуџьет аҟны ахатәы лагалақәа ҩынтәны реизырҳара. Уаҟа иарбоуп абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыҿиаразы 300 миллион мааҭ азоужьра, иҳәеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Иара иажәақәа рыла 2016 шықәсазы Аԥсны аекономика иапроблема хаданы иҟоуп аекономика ашәшьыра аҵгара.
"Зегь раасҭа ихадоу анапхгара рҭаххароуп. Ҳара иҳамоуп алшарақәеи аресурсқәеи. Урҭ аҳәынҭқарраз аус рулароуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.
"Ҳара ус хаданы иҳамоуп ашәахтәқәа ршәара армариара", ҳәа азгәеиҭеит иара.
Атәыла Ахада иҳәеит Аԥсны аинтерес роуит абизнесеилазаарақәа рыдагьы, атәылақәа ҳәа.
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата апрезидент Геннади Гагәылиа иҳәеит аԥсуа бизнес аҽа ҩаӡарак ахь ихалар акәны ишыҟоу, Аԥсны аԥеиԥшгьы напеикәыршала ишыӡбалатәу.
Гагәылиа ажәалагала ҟаиҵеит аиҳабыра рҟны иаԥҵазарц абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыҿиараз аҭакзыԥхықәу аилазаара.
"Аӡәы аҭакԥхықәра идны дыҟазароуп. Иҟоу аҭагылазаашьагьы аамҭа-аамҭала анализ азулатәуп", — иҳәеит Гагәылиа.
Иара иазгәеиҭеит ахылаԥшратә органқәа зегьы ирымазароуп аҳасабырба зызу абланкқәа.
"Уаанӡа бланк-цыԥхьаӡа аҳасабырба арҭон. Ари хылаԥшрада агәаҭарақәа ааннакылоит. Ахылаԥшратә органқәагьы аҭакԥхықәра рыднаҵоит", — иҳәеит иара.
Гагәылиа ажәалагала ҟаиҵеит егьырҭ атәылақәа рҟнеиԥш, Аԥсны, атуризм ақыҭанхамҩа реиԥш аԥыжәара змоу аусхырхарҭақәа азыԥхьагәаҭаны альготатә шәахтәқәа алагалатәуп ҳәа.
Абизнес знапы алаку Асҭамыр Адлеиба иҳәеит атуризм аусхк аҟны апроблемақәа ируакуп ҳәа асезон ԥшьба-фба мза иахьреиҳам.
Атәыла Ахада иазгәеиҭеит абизнес аҳәынҭқарратә дгылара аҭахны ишыҟоу.
"Аҳәынҭқарреи абизнеси мҩакы еицанызароуп", — иҳәеит иара. Еизаз ажәалагалақәа ҟарҵеит Аԥсны аекономика аҿиара аиӷьтәразы.