Аибашьра аинвалидцәа ашықәс алкаақәа ҟарҵеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рхеилак "Аԥсны"
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рхеилак Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рхеилак "Аԥсны" имҩаԥнагеит русура аихшьаалатә конференциа.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 28 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рконференциа мҩаԥган, Гагра иҟоу ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны.

Уи рҽаладырхәит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәса аинвалидцәа Гагратәи Рхеилак "Афырԥҳәызба" ахаҭарнакцәа, Гагра араион аҟны ашәҟәы иҭагалоу аибашьра аинвалидцәа, Аԥсны араионқәа рҟны еиҿкаау аинвалидцәа Рхеилакқәа рхантәаҩцәеи алахәцәеи гәыԥҩык.

Аконференциаҟны ажәахә ҟаҵо дықәгылеит аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рхеилак "Аԥсны" ахантәаҩы Заур Инаԥшьба.

Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Риҵатәи амилаҭтә парк аколлектив аибашьра аинвалидцәа аҳамҭа рырҭеит

Иазгәаҭатәуп, арҭ Ахеилакқәа рхантәаҩцәа хәышықәса ҳәа ишалырхуа. Заур Инаԥшьба иаԥхьаҟа амаҵура иахагылаз иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы иара инапынҵақәа наигӡон. Анаҩс ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы изаамҭанытәииз аинвалидцәа реилатәараҟны иара дшьақәдырӷәӷәеит ари амаҵураҟны.

Заур Инаԥшьба иажәақәа рыла, агәабзиара чаԥарҭатә-стационартә, асанаториатә-курорттә хәшәтәра иахысуа аибашьра аинвалидцәа рзы аԥара шазоужьхо аинвалидцәа рҳәынҭқарратә фонд аҟнытә. Уи ҷыдала Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рзы иаԥҵан 2011 шықәсазы.

Ааигәа иӡбан афонд иахыԥхьаӡалахо аԥара 110 миллион рҟынӡа ашьҭыхра. Аинвалидцәа гәыӷуеит уи абзоурала ҳазҭало 2016 шықәсазы дара асанаториақәа рахь апутиовкақәа роуп ҳәа. Иазгәаҭатәуп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уи шалмыршаз.

Аҳәынҭқарратә фонд анаҩс, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рхеилак "Аԥсны" иамоуп ахатәы биуџьеттә фонд, уи харҭәаахоит агәыҳалалратә цхыраарақәа ирыбзоураны, иара убас аинвалидцәа рнапаҟны иҟоу асасааирҭа "Ива" аҟнытә. Арҭ аԥарақәа ҷыдала аинвалидцәа рҭахрақәеи аматериалтә цхыраареи агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа арылахәреи ирызԥҵәоуп.

Заур Инаԥшьба иажәахә иазыӡырҩны, аинвалидцәа напышьҭхрала еиҭа ари амаҵураҟны дшьақәдырӷәӷәеит.

"Иҭабуп ҳәа расҳәоит, сганахь агәрагара аазырԥшыз зегьы. Сара сыхәҭакахьала исылшо зегь ҟасҵоит аинвалидцәа ацхыраара арыҭаразы. Аибашьра хлымӡаах ибжанатәит 2200-ҩык ҳҵеицәа, урҭ рахьтә 360-ҩык Гагра араион иахаҭарнакцәоуп. Дара зегьы хымԥада ргәабзиара лассы-лассы ишьақәдыргылароуп. Аинвалидцәа ҳганахь агәцаракра аазырԥшуа ирыбзоуроуп иахьа уажәраанӡа ҳҭагылазаашьа аҭышәынтәалара", — иҳәеит змаҵураҿы ишьақәырӷәӷәаз Заур Инаԥшьба.

Аконференциаҟны аҩбатәи зҵаарас иалацәажәан, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рхеилак "Аԥсны" ахатәы биуџьет ахашәалатәи аныхратәи хәҭақәа хылаԥшра рызҭо акомиссиа азалхра.

Аконференциа иалагӡаны, аинвалидцәа иқәдыргылон ргәы иҵхоз азҵаарақәа.

Ус Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәса аинвалидцәа Гагратәи Рхеилак "Афырԥҳәызба" ахаҭарнакцәа аҳәара ҟарҵеит аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рхеилак "Аԥсны" ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа жәпакы. Заур Инаԥшьба аҳәса-аинвалидцәа агәра диргеит ҳазҭало ашықәс азы дара рганахь ала ацхыраареи авагылареи шрырҭало.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рхеилак "Аԥсны"
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рхеилак Аԥсны  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рхеилак "Аԥсны"

Аконференциа аофициалтә хәҭа ашьҭахь еиҿкаан Ашықәс ҿыцтәи алотереиа. Аибашьра аинвалидцәа рышаҳаҭгақәа рҿы иарбаз аномерқәа инарықәыршәаны ирызшан аҳамҭақәа.

Анаҩс имҩаԥган аконцерттә программа иара убас ирхиан ачеиџьыка.

Иазгәаҭатәуп арахь аҳамҭақәа рыманы ишымҩахыҵыз Аԥсны аевангелиатә қьырсианцәа Рхеилак Гагратәи аҟәша ахаҭарнакцәагьы.

"Аконференциа иалагӡаны еибаҳҳәеит ҳгәы иҵхоз апроблемақәа, иазалҳхит урҭ рыӡбараҿы ҳзықәныҟәаша аԥҟарақәа. Мышқәак раԥхьа иааиуеит Ашықәс ҿыц. Аԥсны иқәынхо зегьы ирыдныҳәало ирзеиӷьаҳшьоит агәыцқьара, ақьиара, аҭынч ԥсҭазаара. Ҳҩызцәа аинвалидцәа ракәзар, ргәы кармыжьааит, ҳгәабзиара зыхҭну ҳаԥсадгьыл, иахьа аҿиарамҩа иануп, уи еиҳау ҳара ҳзы аҳамҭа ыҟам", — ҳәа азгәарҭеит аинвалидцәа гәыԥҩык.

2016 шықәса, Аԥсны иазԥхьагәарҭеит аинвалидцәа ирышықәсны. Хымԥада уи инамаданы ҳтәыла иқәынхо аинвалидцәа зегьы, Ашықәс ҿыц агәыӷрақәа адырҳәалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0