Асду, агазлампа, Ашықәс ҿыц. Аԥсны аибашьратә мшқәа

Аҟәа. Аӡын 1993.
Аҟәа. Аӡын 1993. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Наала Аҩӡыԥҳа дазҵаауан Аԥсны 1993 шықәса ишаԥылоз.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Аҭынчра, аҿҿаҳәа еихәлоу ахәышҭаарамца, асасцәа рааира иазыԥшу аԥшәмаԥҳәыс иҟалҵо афатә хаақәа рыфҩы, аԥсаӡ иакәшо ахәыҷқәа ргәырӷьара, нас аныҳәатә хәылԥхьа… абасеиԥш ауп ишыҟоу Ашықәс ҿыц алакә ныҳәаҵәҟьа. Агәыӷрақәеи анасыԥи ацны.

Цира Габниа. - Sputnik Аҧсны
Цира Габниаԥҳа: аибашьра мышкала иаҳхысуаз џьаҳшьон

1992-1993-тәи аӡын зынӡаск аҽакала иҟан: аҭабиақәа, ахысрақәа, аԥжәарақәа, аԥсӡқәа. Абри аҩыза аҭагылазаашьала Аԥсны ашәхымс ихыҵит 1993-тәи ашықәс.

"Ԥсамахәҭак акәзаргьы аҩны иҩнагалатәуп"

Саид Кәыҵниа аибашьраан жәаҩа шықәса дырҭан. Ибзиан игәалашәоит усҟантәи аӡын зеиԥшраз. Атәымуаа амацәаз иҭаркыз рқыҭаҟынтә иашьеи иареи Ҷлоуҟа инаргеит.

"Ашықәс ҿыц Ҷлоу ҳаԥылон. Ҳхәыҷқәамыз, зегь дара роуп аныҳәа ҳазыԥшын. Ԥсамахәҭа хәыҷык акәзаргьы аҩны иҳамазар ҳҭахын. Акыр инахаран, аха абнарахь ҳцаны ԥсаӡ хәыҷык хҵәаны иаагеит. Хәыҷроуп иҟоу. Ахәмаргақәа ҳамамызт, аха ус иҳаргылеит", — иҳәоит иара.

Саид иан лаҳәшьа илылшоз ала аишәа лырхиеит. Астол иакәыршан хәҩык ахәыҷқәа налыртәеит.

"Ашықәс ҿыц хысрала ҳаԥылеит. Аҩны аԥшәма апозициаҟынтә дааит – автоматла знык-знык ҳирхысит. Исгәалашәоит иҭааӡа иаркыз агаз лампа аҩны иҩнанарԥхоз алашара".

Ахәыҷқәа еснагь асы бзиа ирбоит. Аха Саид рацәак убри ашықәс азы асы деигәырӷьоны ҳәа игәалашәом. Маҭәа-ҩыҭәала деиқәшәамызт. Напхты шьапхты асы узалахәмаруам.

"Аныҳәа – аибашьра аҽазыҟаҵара иаамҭан"

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аветеран Олег Аршба ашықәс ҿыц игәалашәоит аҽакала, еибашьҩык иеиԥш.

"Ҳара апровакациақәа ҳарзыԥшын. Урҭ рҟынтәи зегьы уазыԥшызар акәын. Ԥхынҷкәын 26 рзы афронт ԥыржәарц иақәыркхьан. Аныҳәа ауха адҵа ҳаман аҽаамҭанык еиԥшымкәа ҳаҽҳарӷәӷәарц. Аԥшыхәцәа ԥхьаҟа иҳашьҭуан, иҟоу-иану еилыркаарц. Аха анцәа иџьшьаны аҵх ҭынчны имҩаԥысит".

Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

Ажьырныҳәа акәзар усҟантәи аамҭақәа рзы рацәак иазгәарҭомызт. Ҩны-цыԥхьаӡа ашәы рхьыкәкәон. Зегь афронт арӷәӷәара акәын изызхәыцуаз, иҳәоит Олег Аршба.

"Ҳаршьырц егьҳагымхеит"

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аветеран Беслан Бигәаа игәалаиршәоит ашықәс ҿыц егьырҭ амшқәа изларылукаауаз егьшыҟамыз. Иара уи ауха Аалӡга иахьаҵанакуаз апозициаҿ дыҟан. Аныҳәатә гәырӷьара аӡәгьы инубааломызт.Ԥхынҷкәын 26 рзы афронт ԥыржәарц иақәыркхьан. Зегьы иҟаларызеишь ҳәа иԥшын.

"Иабатәи ныҳәаз, ҳаршьырц акгьы ҳагымхеит", — иҳәоит иара.

"Лаҭатәи арыцҳара ашьҭахь аныҳәа згәалашәодаз"

Изольда Папцааԥҳа еиҭалҳәоит лҭаацәа рҟны ари ашықәс ҿыц аӡәгьы даԥымлеит ҳәа. Лаҭатәи арыцҳара ашьҭахь аныҳәа зҭахыдаз. Ажьырныҳәа рыҩнаҭаҟны, Оҭҳара, еснагь еиԥш инаҵшьны иазгәарҭеит. Ҳаиҳа зымчу имҵаныҳәон аибашьра еилгарц, аҷкәынцәа рыҩныҟақәа еибгала ихынҳәырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0