Раԥхьатәи аԥсуа анбан амш Аԥсны иазгәарҭеит

© Sputnik Асида КвицинияДырмит Гәлиа ибаҟаҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Дырмит Гәлиа ибаҟаҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи аԥсуа анбан 150-шықәса ахыҵра аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Раԥхьатәи аԥсуа анбан 150-шықәса ахыҵра инамаданы Аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистрра ауснагӡатәқәа еиҿнакааит.

"Ауснагӡатәқәа ирылахәуп ақалақьқәеи араионқәеи рҵаратә ҟәшақәа, ҳара иҳаӡбеит есышықәса ари амш азгәаҳҭаларц", — иҳәеит аминистр Адгәыр Какоба.

Раԥхьатәи аԥсуа алфавит аԥҵан 1862 шықәса рзы аурыс ҵарауаҩ Петр Услар имчала. Аҩыра шьаҭас иаман кириллица.

Раԥхьатәи аԥсуа нбан ҭыҵит 1865 шықәса рзы, 1862 шықәса рзы аинрал Петр Услар ишьақәиргылаз алфавит шьаҭас иаманы. Анбан ҭижьит Иван Бартоломеи. Ари алфавит ахархәара аман 1892 шықәсанӡа.

Аҩбатәи аԥсуа нбан ҭрыжьит 1892 шықәса рзы. Ашәҟәы ҭрыжьит Аҟәатәи Ашьхарыуаа школ арҵаҩы Константин Маҷавариании иара иҵаҩы Дырмит Гәлиеи.

Аԥсны ашколқәа рҟны активла рхы иадырхәон Маҷавариании Гәылиеи иҭрыжьыз абри ашәҟәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0