Лубиа Зарандиаԥҳа Ашықәс ҿыц ажәытәан ишаԥылоз еиҭалҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАшықәсҿыцазтәи астол.
Ашықәсҿыцазтәи астол. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
100 шықәса лхыҵразы имаҷны иззынхаз, Џьгьарда ақыҭаҿы инхоз Лубиа Зарандиаԥҳа аныҳәатә стол шлырхиоз атәы ҳзеиҭалҳәеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥсуаа, Ашықәс ҿыц ҷыдала иаԥылоит. Ари аныҳәа ԥшьа даара рҽазыҟарҵоит. Аныҳәа ааигәахо ианалагалак, мышқәак шыбжьоу, рыҩны-ргәара зегьы дрыцқьоит, афатә-ажәтә, аҿа-маҿа еидыркылоит, арыжәтә адыргалоит.

Рҽырԥшӡаны, рҽырхааны, еиқәныҳәо, ҭыӡшәаҟамҵакәа, ҭаацәашәала еидтәалоит. Рыуацәа-рҭынхацәа ирҭаауеит, аҳамҭақәа еимырдоит. Патула,ҳаҭырла агәылацәа еизныҟәоит. Досу игу-ибзоу-акрыҟазар, ихеибарҭәаауеит. Ашықәс ҿыц азы, ашьтәақәа ршьуеит. Ашықәс ҿыц аныҳәара ацуп, абзиабара, агәыҳалалра, аилибаакара аҳра руеит. Сара схаан ауаа хаха-хымш еикәшәон, еиҭанаиааиуан, лҳәеит Зарандиаԥҳа.

Урҭ амшқәа рнаҩс, даҽа мчыбжьык ныҳәоуп. Мчыбжьык ашьҭахь, нас еиҳа иааихсыӷьуан.

Асду, агазлампа, Ашықәс ҿыц. Аԥсны аибашьратә мшқәа

Ҳара ҳахьӡеит Лубиа Зарандиаԥҳа лыԥсҭазаара далҵаанӡа лыҿцәажәара. Абар уи лажәаҟәандақәа:

"Ажәытәан, нан, аԥсаӡқәеи, ашәчи рыла аҩнқәа дырхион. Ашәҭкәа,акакаҷқәа, ахаамыхаақәа, аџьынџьыхәа, ашәыр рҩа уҳәа, убарҭрыла идырԥшӡон. Иахьа даҽакала иҟоуп.  Аԥсаӡқәа зладырԥшӡо ахәмаргақәа рацәахеит. Ажәытә аамҭа аҽаԥсахит. Аԥсҭазаара акырԥхьаҟа ицеит. Аҿатәаамҭа аԥыжәара агеит. Анцәа Ҳазшаз аԥсуа жәлар, адунеи иқәу ажәлар зегьы абзиара рзыҟиҵааит.Аамҭа цәгьа шәҟәыблызааит. Аибашьра ахаан алакҭа шәҭамԥшааит. Адунеи аҟны иҟоу абзиарақәа зегьы аԥсуа жәлар ирԥеиԥшзааит!"

Ажәабжьқәа зегьы
0