00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Кәабахьиа: акультуратә ҭынхақәа азинтә хьчара роуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАкультура аминистрраҟны аилатәара.
Акультура аминистрраҟны аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аԥсны аҭоурых-культуратә обиектқәа рсиа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аԥсны аҭоурых-культуратә обиектқәа рсиа. Ари иаанагоит арҭ аобиектқәа азинтә хьчара роуеит, ус анакәха еиқәырхахоит, иҳәеит Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент аиҳабы Баҭал Кәабахьиа.

"Сара иазысыԥхьаӡоит ари иреиӷьу ҳамҭоуп ҳәа ашықәс ҿыцаз. Аҳәынҭқарраҟны абызшәеи аҵакырадгьыли инарываргыланы хра аманы иҟоуп акультура. Иахьанӡа Аԥсны аҭоурых-культуратә обиектқәа азинтә хьчара рымамызт", — иҳәеит Кәабахьиа.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны аҭоурых-культуратә обиектқәа рсиа аԥҵара ацхраараны иҟоуп урҭ реиқәырхара ҳәа.

Кәабахьиа: жьҭаарамза нҵәаанӡа иазырхиатәуп абаҟақәа иаку р-реестр

"Ауаа ирдыруазароуп асеиԥш асиа шыҟоу. Урҭ рҩызцәа аҩнқәа ирыҩноу ауаа ирдыруазароуп аҭоурых-культуратә обиектқәа рахь ишаҵанакуа иахьынхо".

Кәабахьиа иажәақәа рыла асиа нагӡаҵәҟьаны еиқәыршәам, иалагалахараны иҟоуп аԥсахрақәеи ахарҭәаарақәеи.

"Ҳара, хышықәса рыҩныҵҟала асиа аинвентаризациа иахҳажьроуп. Иҟалашт иалаҳхуа, аха еиҳагьы еиҳахоит иалаҳгалараны изыхәҭоу", — иҳәеит иара.

Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент аиҳабы Баҭал Кәабахьиа иазгәеиҭеит асиа 1535 обиект алоуп ҳәа.

"Ҳара, хышықәса рыҩныҵҟала асиа иацаҳҵап ҳәа ҳгәыӷуеит 2500 обиект рыла" — иҳәеит иара.

Кәабахьиа иажәақәа рыла арахь иаҵаркхоит амемориалқәа, аҭоурыхтә паркқәа уҳәа ирацәаны аобиектқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0