АҞӘА, ажьырныҳәа 2 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. 2015 шықәса аԥхьатәи амзақәа жәба рзы Аҟәатәи АҬАР аҟны иҭаҩын 577 хәыҷы ҳәа ҳкорреспондент илзеиҭалҳәеит АҬАР аинспектор Наала Шаданиаԥҳа.
Баграт, Давид, Сариа – абарҭ ахьӡқәа роуп ииасыз ашықәс азы еиҳа Аԥсны ирылаҵәан иҟаз. Сариа еиҳарак Нестор Лакоба иԥшәма Сариа ахлыхьӡыз азы акәын изалырхуаз.
"Аибашьра ашьҭахь Сариа ахьӡ ирацәаҩын изыхьӡырҵоз. Иара убас ахьӡ Владиславгьы. Аамҭак азы маҷк иааиҵахеит аха уажәы еиҭах имодахеит Сариа", — лҳәоит лара.
2014 шықәса рзы даара бзиа ибаны иалырхуан ахьӡқәа Анастасиа, Анна, Валериа.
Ареспубликаҟны аҷкәынцәа хьӡыс ирзалырхуеит аԥсуа хьӡқәа: Баграт, Леон, Аинар, Алан.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы имодахеит араб хьыӡқәа — Саид, Амина, Итан, Мусҭафа. Асеиԥш аиҳарак арепатриантцәа рхәыҷқәа роуп изыхьӡырҵо, лҳәоит Шаданиаԥҳа.
"Иара убасгьы ирхадыршҭуам европатәи ахьӡқәагьы — Николь, Даниела, Даниель. Иҟан иара убасгьы Доминик, Доминика, Орнелла зыхьӡырҵаз ахәыҷқәагьы".
"Сара ара аус зуеижьҭеи аԥсыуа хаҵак иԥа Лучиано ихьӡиҵеит. Егьырҭ иаабац-иҳаҳац ахьӡқәа рыԥшаауеит", — лҳәоит АҬАР аусзуҩ.