Ззин ыҟамыз амаҭәарқәа аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҟны ирыԥшааит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсихиатриатә хәышәтәырҭа Гәылрыԥшь араион аҿы.
Аԥсихиатриатә хәышәтәырҭа Гәылрыԥшь араион аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа ззин ыҟамыз амаҭәарқәа аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҟны ирыԥшааит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 — Sputnik. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа имҩаԥыргоз агәаҭараан ззин ыҟамыз амаҭәарқәа аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҟны ирыԥшааит, ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Агәаҭарақәа мҩаԥысуан зус ӡбоу, аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҟны ахәышәтәра иахысуеи аԥсихиатриатә експертиза иахысуеи ахьыҟаз ауадақәа рҟны.

"Астационар аҟны ахәышәқәа зегьы амедеилазаара ахылаԥшралоуп апациентцәа ирыдыркылар шахәҭоу. Ус шакәугьы ауадақәа рҟны иԥшаан Аԥсны зхархәара ҟамло ахәшәқәагьы", ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҟны.

"Ауаҩы ааха изҭо амаҭәарқәа (аҳәызбақәа, ачқьыԥқәа, исаркьалыху ачысмаҭәа) зегьы рымхын", ҳәа азгәанаҭоит апресс-маҵзура аацҳамҭа.

Иара убасгьы амилициа аусзуҩцәа еимырдеит аԥсшьарҭа уадақәа, акрыфарҭақәа. Уаҟагьы еизган ззин ыҟам амаҭәарқәа.

Ажьырныҳәа фба рзы Гәылрыԥшьтәи РОВД аусзуҩцәа, аминистр Леонид Ӡаԥшьба идҵала имҩаԥыргеит аоперативтә уснагӡатәқәа аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҟны иҭаку зхархәара азин рымам амаҭәарқәа рыԥшааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0