Чкотуа: Аԥсны аекономика аԥхасҭа аҭара ҳхы иаҭәаҳшьом

© Sputnik Томас ТхайцукОктаи Чкотуа. Архивтә фото.
Октаи Чкотуа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс-аҭырқәа еизыҟазаашьақәеи урҭ Аԥсны иарҭо анырреи ртәы далацәажәоит аԥсуа мҳаџьырқәа рцынҵәарах Октаи Чкотуа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аекономика акыр иуашәшәыроуп. Ҭырқәтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аанкылауа ирҿиатәуп Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа, иҳәеит арепатриант, ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ Октаи Чкотуа.

"Ҳара ҳхы иаҳзаҭәашьом иара усгьы рацәак иҭышәынтәалам Аԥсны аекономика арԥсыҽра. Аԥсны аекономика акыр иуашәшәыроуп. Ҭырқәтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аанкылауа ирҿиатәуп Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа", — иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа Аԥсны аус зуа Ҭырқәтәылатәи арепатриантцәа рбизнес иаԥырхагахар шыҟамло.

Октаи Чкотуа иажәақәа рыла иҟоу аҭагылазаашьа ззыфеидоу ҳәа ган ыҟан иҟам.

"Ҳара ҳәарада иаҳгәаԥхом иҟоу аҭагылазаашьа. Иара хымԥада ҳдиаспорагьы анырра ҽеимкәа ианаҭоит. Агәыӷра сымоуп иаарласны Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи реилибамкаарақәа рҭыԥ иқәҵахап ҳәа", — иҳәеит Чкотуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0