Сҭамбул атуристтә раион аҟны еилкаам ак ԥыржәеит

© REUTERS / Murad SezerСҭамбултәи амилициа. Архивтә фото.
Сҭамбултәи амилициа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сулҭанахмет ашҭа ааигәара аԥжәабжьы геит. Аԥжәара амзыз макьаназы ишьақәыргылам. Аҭыԥантәи Аинформациатә массатә хархәага ишызгәанаҭо ала иҟоуп аԥсыҭбарақәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 — Sputnik. Сҭамбул атуристтә раион Сулҭанахмет ашҭа ааигәара аԥжәабжьы геит. Ателеканал NTV ишаанацҳауа ала иҟоуп ахәра змоу рацәаҩны.

Аԥжәара ҟалеит атрамваи аангыларҭаҟны. Амзыз макьаназы ишьақәыргылам. Гәаанагарақәак рыла иара мҩаԥигеит атеррорист-аҽшьҩы.

Ахҭыс ахьыҟалаз ахь инеиит аполициа аусзуҩцәеи амедицинатә усзуҩцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0