Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 13, 2006 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аефирахь ицәырҵит Гагратәи ателехәаԥшра аканал.

ГАГРА, ажьырныҳәа 15 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Абар уажәшьҭа 10 шықәса ҵуеит, Гагратәи ателехәаԥшра аканал аефир аҿы иҟоуижьҭеи. 2005 шықәса, абҵарамзазы Гагра араионтә Еизара адепутатцәа ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны иара аԥҵан. Уи аԥхьаҟа, 1997 шықәсазы ақалақь аҿы еиҿкаан ателехәаԥшра, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны бжьымз заҵәык ауп аус ахьауз.

Ажьырныҳәа 13 ауха, 2006 шықәсазы еиҭа аефир ахь ицәырҵит араионтә телехәаԥшра ҿыц. Иара иахьа уажәраанӡагьы еиԥымҟьарада аус ауеит. Раԥхьаӡа ажәабжьқәа аефир ахь иҭыҵуан мчыбжьык ахь знык, аԥсуеи аурыси бызшәақәа рыла. 2011 шықәса раахыс ажәабжьқәа рдырраҭарақәа мчыбжьык ахь хынтә иҭыҵуеит.

Гагратәи аԥсаӡ хада аҿаԥхьа аныҳәа мҩаԥган

Ателехәаԥшра арҿиаратә коллектив иаԥнаҵоит атематикатә дырраҭарақәагьы. Жәашықәса ирылагӡаны аефир иазырхиан 500 инареиҳаны "Амчыбжь ахҭысқәа" рдырраҭарақәа, 150 инареиҳаны атематикатә ҭыжьымҭақәа, 100 рҟынӡа ахәыҷтәы проектқәа.

Ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц ауха, ателехәаԥшцәа ирыдгалан "Ашықәс ҿыц Гагратәи ателехәаԥшраҿы" захьӡыз, арҿиаратә коллектив иаԥнаҵаз аныҳәатә проект.

Гагратәи ателехәаԥшреи аԥыжәара змоу Урыстәылатәи ателеканал НТВ аҿы иҭыҵуа "Анатомия дня", "Наш потребнадзор" адырраҭарақәеи аимадара рыбжьоуп. Убас 2015 шықәса иалагӡаны ари аканал аҿы идырбан Аԥсны ӡырызго авидео дырраҭарақәа жәпакы.

Гагратәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа хыԥхьаӡарала ирацәам. Ателехәаԥшра еиҳабыс дамоуп, Аԥсны жәлар рартист Русҭан Канџьариа, редакторс Беслан Амԥар.

Акорреспондентцәа Саида Жьиԥҳаи Мадина Ҭарԥҳаи еиларгӡоит амҩаԥгаҩ иусгьы, авидеоҭыхыҩцәа Ҭимыр Ақаҩбеи Музаффар Осҭанови амонтажгьы рнапы алакыуп.

Гагратәи ателехәаԥшра аколлектив 10 шықәса аҩнуҵҟа изларылшо ала араиони атәылеи рҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа ажәлар ирызнаргоит.

"Ҳусураҿы имаҷымкәа ауадаҩрақәа шаҳԥылогьы излаҳалшо ала ҳнапы алакыуп ажәлар ажәабжьқәа рызнагара. Иҟалалоит зынӡа ргәы иаахәо анаҳзымҳәогьы, аха уи ҳара ҳакәым изыхҟьо. Гәык ала иаҳзыҟоу ателехәаԥшцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит, 10 шықәса раахыс ҳдырраҭарақәа хшыҩзышьҭра ахьарҭо. Ҳара ҳзы игәахәара дууп дара рҟнытә аџьшьара аиура", — иҳәоит Гагратәи ателехәаԥшра аредактор Беслан Амԥар.

Гагра ақалақьуаа, аҭыԥантәи аканал аус ахьауа агәахәара рнаҭоит. Адырраҭарақәа рбара анаҩс дара ирымоуп алшара аӡыргареи алаҳәарақәеи аканал ахь адгалара.

"Сара Гагратәи ателехәаԥшра аканал аҿы ицо ажәабжьқәа иааиԥмырҟьаӡакәа срыхәаԥшуеит. Аколлектив зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит рааԥсаразы. Уахи ҽни ирбо аџьабаа иабзоураны ателехәаԥшцәа иҳамоуп алшара Гагра араион ахьынӡанаӡааӡо имҩаԥысуа ахҭысқәа реилкаара".

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаСаида Жьиԥҳа
1/6
Саида Жьиԥҳа
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
2/6
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
3/6
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
4/6
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
5/6
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
6/6
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
1/6
Саида Жьиԥҳа
2/6
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
3/6
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
4/6
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
5/6
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.
6/6
Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит.

"Исгәалашәоит, ҵыԥхтәи ашықәс азы, мшаԥы аказы, жәларбжьаратәи алахҿыхра амш аҽны, Гагратәи ателехәаԥшра аканал аҿы ажәабжьқәа хырқәшо, амҩаԥгаҩ ишылҳәаз "уахатәи ажәабжьқәа ҵыхәтәантәиин, Гагратәи ателехәаԥшра иахьанахыс аусура аннакылоит", ари ажәабжь ақалақьуаа агәҭынчымра рызцәырнагеит, аха ишлафыс анеилкааха ҳаԥсы неиқәаҳаит. Сынтәа ҳраионтә телехәаԥшра иахыҵит 10 шықәса. Ари акразҵазкуа хҭысны исԥхьаӡоит. Арҿиаратә гәыԥ аиубилеитә рыцхә рыдныҳәало ирзеиӷьасшьоит рнапы злакыу аус аҿы аихьӡарақәа, аманшәалара", — ҳәа азгәалҭеит ателехәаԥшҩы Лолита Дбарԥҳа.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәҩы, Гагратәи араионтә газеҭ "Гагрский Вестник" акорреспондент Зарина Коӷониаԥҳа, телехәаԥшҩык лаҳасаб ала, Гагратәи ателеканал аусзуҩцәа рџьабаа ахә ҳаракны илшьоит.

"Гаграа ҳтелехәаԥшра аусзуҩцәа реиҳараҩык рықәра рацәам, аха рнапы злакыу аус даара ибзианы, професионалла ирыцааиуеит. Сыхәҭакахьала ирзеиӷьасшьоит адоуҳамч, ақәҿиара ҳаракқәа, аманшәалара", — ҳәа ацылҵеит ажурналист.

Гагратәи ателехәаԥшра аколлектив, саргьы сналаҵаны агәыӷра ҳамоуп, ҳазҭалаз ашықәс азы ҳауаажәлар ажәабжь бзиақәа шәызнаҳгалап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0