Ажьырныҳәа аԥсуаа рҿы адунеи ашьақәгылара иадырҳәалоит, ажәытә мзар ала иара Ашықәс ҿыц иақәшәоит. Аԥсны ари ҳәынҭқарратә ныҳәоуп, убри азын иԥсшьара мшны иԥхьаӡоуп. Ари амш азы ажьира змоу аҭаацәарақәа аныҳәара мҩаԥыргоит.
Ари аныҳәа еиҳарак имҩаԥыргоит ажьырныҳәа 13 ауха. Аха иҟоуп ҭаацәарақәак егьырҭ амшқәа рзы имҩаԥызго, ҿырԥштәыс иаагап Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан инхо Папцаа рҭаацәара, урҭ аныҳәа мҩаԥыргоит ашәахьа ма аԥшьаша ажьырныҳәа 13 ашьҭахь.
Ҭаацәацыԥхьаӡа ари аныҳәа рхатәы ҷыдарақәа амоуп. Зҽызымԥсахуа акызаҵәык ауп — амра анҭашәалак ажьирахь анеира азин змоу рҽеидкыланы аныҳәара ицоит.

1/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ажьырныҳәа анымҩаԥырго, аҭаацәа рыцыԥхьаӡа ашьтәа ршьуеит. Аиҳарак арбаӷьқәа ршьуеит, зны-зынла ԥшь-шьапак зҵоу ашьтәа ршьуеит.

2/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Акәац аиҿыхра знапы алаку ахацәа роуп.

3/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ашьтәа иныҳәа-ныԥхьаны иршьуеит.

4/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ажьырныҳәа – хҭыс дууп аҭаацәаҿы зегь реиҳа еиҵбу рызгьы, урҭ ашьыжь нахыс аныҳәа аҽазыҟаҵараҿы ицхыраауеит.

5/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аныҳәа анымҩаԥырго, аҩн-ду аҿы еизоит аҭаацәа зегьы.

6/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҭаацәа рыцԥхьаӡа ацәацқьа иалху ацәашьқәа ҟарҵоит, иагәыларҵо ацаха уи аԥхьаҟа ирымкыцзар ауп.

7/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Хазы иҟарҵоит хә-цәашьык, урҭ Ажьираҿы иадыркуеит.

8/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Урҭ иреиҳау акы ажьира агәҭа идыргылоит, даҽа ԥшьба ажьира акәакьқәа рҿы.

9/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҭаацәа аиҳабы агәи агәаҵәеи арасаҵәы иахеиҵоит.

10/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Арасаҵәы амагиатә мчы амоуп, аҩнаҭа ахьчоит ҳәа иԥхьаӡоуп.

11/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Уи адагьы, аҭаацәа рыцыԥхьаӡа ачашәқәа ҟарҵоит.

12/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аныҳәа амҩаԥгараан аҭаацәа зегьы ажьираҿы еизоит. Ажьира анцәахәы Шьашәы иашьапкуеит, уи иҳәоит дырхылаԥшырц, аҭаацәа машәыр иақәымшәарц.

13/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аныҳәара иалагоит амра анҭашәалак.

14/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҭаацәа еиҳабу дныҳәоит. Уи иарӷьа напала аҵәца азна аҩы икуп, иарма напала агәи агәаҵәеи зхоу арасаҵәы.

15/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аныҳәара ашьҭахь арасаҵәқәа ажьираҿы инрыжьуеит.

16/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анаҩс аҭаацәа зегьы аныҳәаҿақәа рҳәоит, нас агәи агәаҵәеи агьама рбоит.

17/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аныҳәара ашьҭахь зегьы аҩнахьы игьежьуеит. Араҟа, аԥшәма аҩнаҭа дақәныҳәоит. Уи ашьҭахь аҭаацәа зегьы еидырныҳәалоит Ҽаанбзиала ҳәаны.

18/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анаҩс, шәақьла ажәҩан ахь ихысуеит.

19/19
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ажьырныҳәа – зегь раԥхьа иргыланы ҭаацәаратә ныҳәоуп. Урҭ зегь ажьираҿ ианныҳәалак аҩныҟа инеины аишәа иадтәалоит, аныҳәатә чыс агьама рбоит.
Ажьырныҳәа – зегь раԥхьа иргыланы ҭаацәаратә ныҳәоуп. Урҭ зегь ажьираҿ ианныҳәалак аҩныҟа инеины аишәа иадтәалоит, аныҳәатә чыс агьама рбоит.
Ажьырныҳәа – зегь раԥхьа иргыланы ҭаацәаратә ныҳәоуп. Урҭ зегь ажьираҿ ианныҳәалак аҩныҟа инеины аишәа иадтәалоит, аныҳәатә чыс агьама рбоит.