"Иахьа ныҳәа дууп. Ҳара Василиск иӡыхь аҟны аӡы арԥшьара ду мҩаԥаагеит", — иҳәеит аԥшьа Иоанн Ахьҿы иуахәама амҵаныҳәаҩ, аигумен Игнатии (Киут).
Иара убасгьы иҳаиҳәеит аӡы арԥшьара абраҟа сынтәа фышықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи ҳәа.
"Иаҳхылаԥшу ӡыла шәыҽӡаашәхла иҳәеит. Аӡаахра Анцәеи ажәҩани ҳарзааигәаны ҳҟанаҵоит. Иӡаахым Жәҩан иҟоу иаҳҭынрахьы мҩа имам, ауахәама далахәыланы дыԥхьаӡам", — иҳәоит иара.
Аигумен Игнатии иазгәеиҭоит абри амш аҽны Каманҟа ишнеиуа адунеи ахы аҵыхәаҟынтә анцәа дхазҵо рацәаҩны.
"Дара арахь иаауеит рҽырхәышәтәырц. Араҟа аӡы шананы иҟоуп, иара иалшоит ауаҩы ихәышәтәра, ирыцқьара. Аӡаахра амш аҽны иара амчра иҵегьы еиҳахоит. Гәыла-ԥсыла уарыцқьар алшоит", — иҳәоит аигумен Игнатии.
Аҽӡаахра амшныҳәаз анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә сахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.
Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит.
Есышықәса Аӡаахра амш аҽни ауыхеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.
Урыстәыла, Бырзентәыла уҳәа рҟны абри ауыха имҩаԥыргоит анцәа имҵаматанеины хынтә аҽӡаашьра.