Иԥшьоу Василиск иӡыхь аҟны аӡы аҽӡаашьра мҩаԥысит

Анапаҵаҩра
Каман ақыҭаҟны анцәа дхазҵо иԥшьоу аӡы рыҽӡааршьит.

"Иахьа ныҳәа дууп. Ҳара Василиск иӡыхь аҟны аӡы арԥшьара ду мҩаԥаагеит", — иҳәеит аԥшьа Иоанн Ахьҿы иуахәама амҵаныҳәаҩ, аигумен Игнатии (Киут).

Иара убасгьы иҳаиҳәеит аӡы арԥшьара абраҟа сынтәа фышықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи ҳәа.

"Иаҳхылаԥшу ӡыла шәыҽӡаашәхла иҳәеит. Аӡаахра Анцәеи ажәҩани ҳарзааигәаны ҳҟанаҵоит. Иӡаахым Жәҩан иҟоу иаҳҭынрахьы мҩа имам, ауахәама далахәыланы дыԥхьаӡам", — иҳәоит иара.

Аигумен Игнатии иазгәеиҭоит абри амш аҽны Каманҟа ишнеиуа адунеи ахы аҵыхәаҟынтә анцәа дхазҵо рацәаҩны.

"Дара арахь иаауеит рҽырхәышәтәырц. Араҟа аӡы шананы иҟоуп, иара иалшоит ауаҩы ихәышәтәра, ирыцқьара. Аӡаахра амш аҽны иара амчра иҵегьы еиҳахоит. Гәыла-ԥсыла уарыцқьар алшоит", — иҳәоит аигумен Игнатии.

Аҽӡаахра амшныҳәаз анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә сахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.

Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит.

Есышықәса Аӡаахра амш аҽни ауыхеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.

Урыстәыла, Бырзентәыла уҳәа рҟны абри ауыха имҩаԥыргоит анцәа имҵаматанеины хынтә аҽӡаашьра.

© Sputnik / Томас ТхайцукАбри амш аҽны Каманҟа инеиуеит Аԥсны мацара адагьы адунеи ахы аҵыхәаҟынтә анцәа дхазҵо рацәаҩны
Иԥшьоу Василиск иӡыхь аҟны аӡы аҽӡаашьра - Sputnik Аҧсны
1/7
Абри амш аҽны Каманҟа инеиуеит Аԥсны мацара адагьы адунеи ахы аҵыхәаҟынтә анцәа дхазҵо рацәаҩны
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥшьа Иоанн Ахьхаҿы иуахәама амаҵзуҩы аигумен Игнатии (Киут) имҩаԥигоит аӡы аԥшьара
Иԥшьоу Василиск иӡыхь аҟны аӡы аҽӡаашьра - Sputnik Аҧсны
2/7
Аԥшьа Иоанн Ахьхаҿы иуахәама амаҵзуҩы аигумен Игнатии (Киут) имҩаԥигоит аӡы аԥшьара
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥшьаҩ анцәа димҵаматанеиуеит, нас аџьар аӡы иӡааишьуеит. Убри ашьҭахь аӡы рԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп
Иԥшьоу Василиск иӡыхь аҟны аӡы аҽӡаашьра - Sputnik Аҧсны
3/7
Аԥшьаҩ анцәа димҵаматанеиуеит, нас аџьар аӡы иӡааишьуеит. Убри ашьҭахь аӡы рԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАнцәа дхазҵо хынтәны аӡы рыҽӡааршьуеит
Иԥшьоу Василиск иӡыхь аҟны аӡы аҽӡаашьра - Sputnik Аҧсны
4/7
Анцәа дхазҵо хынтәны аӡы рыҽӡааршьуеит
© Sputnik / Томас ТхайцукАӡы рыҽӡааршьуеит хәыҷгьы-дугьы. Иаҳхылаԥшу ӡыла шәыҽӡаашәхла иҳәеит. Аӡаахра Анцәеи ажәҩани ҳарзааигәаны ҳҟанаҵоит. Иӡаахым Жәҩан иҟоу иаҳҭынрахьы мҩа имам, ауахәама далахәыланы дыԥхьаӡам
Иԥшьоу Василиск иӡыхь аҟны аӡы аҽӡаашьра - Sputnik Аҧсны
5/7
Аӡы рыҽӡааршьуеит хәыҷгьы-дугьы. Иаҳхылаԥшу ӡыла шәыҽӡаашәхла иҳәеит. Аӡаахра Анцәеи ажәҩани ҳарзааигәаны ҳҟанаҵоит. Иӡаахым Жәҩан иҟоу иаҳҭынрахьы мҩа имам, ауахәама далахәыланы дыԥхьаӡам
© Sputnik / Томас ТхайцукАнцәа дхазҵо ацәашьқәа аркны анцәа имҵаныҳәоит
Иԥшьоу Василиск иӡыхь аҟны аӡы аҽӡаашьра - Sputnik Аҧсны
6/7
Анцәа дхазҵо ацәашьқәа аркны анцәа имҵаныҳәоит
© Sputnik / Томас ТхайцукАӡы рҽанӡааршь ашьҭахь амцахь ҽырԥхара инеиуеит
Иԥшьоу Василиск иӡыхь аҟны аӡы аҽӡаашьра - Sputnik Аҧсны
7/7
Аӡы рҽанӡааршь ашьҭахь амцахь ҽырԥхара инеиуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0