Џьапуаԥҳа: Аԥсшәа ҳәынҭқарратә бызшәаны аус ауразы иахәҭоу ҟаҵатәуп

© Sputnik Томас ТхайцукРауль Хаджимба.
Рауль Хаджимба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ажьырныҳәа 19 рзы ақәҵара инапы аҵаиҩит Ҭали Џьапуаԥҳа Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны ахада иабжьгаҩыси, аԥсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аиҳабыси лыҟаҵара азы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәак аҳасаб ала аус аурц азы иахәҭоу зегь  ҟаҵатәуп, лҳәеит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны ахада иабжьгаҩ, аԥсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аиҳабы Ҭали Џьапуаԥҳа.

"Аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан ахәҭаҷқәа зегьы аусура иалагеижьҭеи ицқьаны шықәсык ҵуеит. Абызшәа азҵаара иадҳәалоу апроблемақәа даара ирацәоуп, аҳәынқарратә бызшәа аусура ахырхарҭақәа зегь рыла ирҿиатәуп", — ацылҵеит лара.

Ҭали Џьапуаԥҳа Аԥсны ахада иабжьгаҩыси, аԥсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аиҳабыси лыҟалара ахҳәаа ҭбаа аиуит асоциалтә каҭа феисбук аҟны.

"Ҭали Џьапуаҧҳа лҧышәеи лдырреи ҕәҕәоуп, дҵарауаҩуп, аҧсуа бызшәа Аҳәынҭфонд раҧхьатәи анапхгаҩыс дыҟан, илымоуп аҧсуа школ хаҭабзиарала, системала аиҭакразы лхатәы концепциа. Ҳлыдгылар, досу иҳалшо ҟаҳҵар, ари аус ҧхьаҟа ишылго агәра згоит", — ҳәа аниҵеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа. 

Занҭариа иажәақәа рыла, Ҭали Џьапуаԥҳа аҳәынҭқарратә бызшәазы Азакәан иашьашәалоу апрограмма ҷыда аус адулара хьаас илымоуп, иҟоу ауадаҩрақәагьы рыӡбараҿы илылшо рацәоуп.

"Иахьа ари ажәабжь гәыӷра ҿыцк ҳгәаҵақәа рҿы иарҿыхеит, ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш еиҳа алакҭа аанартит. Сгәы иаанагоит ари азҵаара аӡбарала Аԥсны Ахада зегьы ҳгәы иҵхоз еидарак ҳаҵихит. Уажәшьҭа адгылара, ахаҵгылара лоур, Ҭали Џьапуаԥҳа аҳәынҭқарра зегьы аҿы ҳабызшәа иамоу астатус иақәшәо ахаҿра ашьҭыхра еиҳа акырӡа иманшәалахоит. Зегьы ирыдысныҳәалоит ари ажәабыжь бзиа, еиҳарак иара абызшәа ахаҭа", — ҳәа анылҵеит асоциалтә каҭа феисбук аҟны аҵарауаҩ  Цира Габниаԥҳа. 

Аҳәынҭқарра ахада иқәҵара инақәаршәаны, аԥсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аиҳабы Ҭали Џьапуаԥҳа илыдҵоуп жәамш ирылагӡаны акомиссиа алахәылацәа рсиа ашьақәыргылара.

 

 


Ажәабжьқәа зегьы
0