Ҳаџьымба: 2015 шықәса аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рыҿиара иашықәсуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра ацхыраара анаҭоит Аԥсны жәларбжьаратәи апозициа, иаԥнаҵоит евразиатәи аинтеграциатә процессқәа ҳаҽрылархәраз аҭагылазаашьақәа, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. 2015 шықәса аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рыҿиара иашықәсуп. Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра ацхыраара анаҭоит Аԥсны жәларбжьаратәи апозициа, иаԥнаҵоит евразиатәи аинтеграциатә процессқәа ҳаҽрылархәраз аҭагылазаашьақәа, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба ахаша, ажьырныҳәа 20 рзы Жәлар Реизара – Апарламент ахь инашьҭымҭаҟны.

Иара иазгәеиҭеит Аиқәшаҳаҭра ҵаҵӷәны ишамоу атәылақәа рыҩбагь реиқәышаҳаҭра-зинтә еизыҟазаашьа.

"Аиқәшаҳаҭра азырхоуп Аԥсны асуверенитет арӷәӷәара, иҟоу аҩныҵҟатә хыҵхырҭақәа реиҿкаареи ахатәы лшарақәа рырҭбаареи рымҩала. Иараҟны аҵак ду аманы ишьоуп аԥсуа жәлар ршәарҭадара иахьазы иҟоу аглобалтәи арегионалтәи шәарҭарақәа ирхьырԥшны иара убасгьы асоциал-економикатә ҿиаразы аҭагылазаашьа ҿыцқәа раԥҵара, Аԥсны ауааԥсыра рсоциалтә дгылара ахаҭабзиара аизырҳара", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иажәақәа рыла адокумент Аԥсны жәларбжьаратәи апозициа арӷәӷәара иазырхоуп, иаԥнаҵоит евразиатәи аинтеграциатә процессқәа аҽрылархәраз аҭагылазаашьақәа.

"Абри ахырхарҭала аусурақәа ишалшо ала ирӷәӷәатәуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит 2015 шықәса рзы анапы шрыҵаҩыз 11 еиқәшаҳаҭра.

"Ари ҳусура иалҵшәаны ауп ишыҟоу. Зыӡбахә ҳамоу адокументқәа атәылахьчареи, ашәарҭадареи, атәанчахәытә еиқәыршәареи, афинанстәи амедицинатәи цхыраара иреиԥшу азҵаарақәа рыҵаркуеит", — иҳәеит атәыла Ахада.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2014 шықәса абҵара 24 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0