Ҳаџьымба: иахьа уажәраанӡа арепатриациаз апрограмма ыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукАрепатриациазы аҳәынҭқарратә хеилак.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә хеилак. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада ишазгәеиҭаз ала оумашәа иубартә иҟоуп иахьа уажәраанӡа арепатриациаз апрограмма ахьыҟам. Иара арепатриациаз Аҳәынҭеилакы анапы ианиҵеит егьырҭ аусбарҭақәеи дареи реиныррала 2016 шықәса ахԥатәи аквартал аҟынӡа иаздырхиарц иахәҭаны иҟоу адокумент апроект.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Оумашәа иубартә иҟоуп иахьа уажәраанӡа арепатриациаз аҳәынҭқарратә программа ахьыҟам, ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба Жәлар Реизарахь инашьҭымҭаҟны.

Иара арепатриациаз Аҳәынҭеилакы анапы ианиҵеит егьырҭ аусбарҭақәеи дареи реиныррала 2016 шықәса ахԥатәи аквартал аҟынӡа иаздырхиарц иахәҭаны иҟоу адокумент апроект.

Атәыла Ахада ишазгәеиҭаз ала арепатриант истатус 2015 шықәсазы ироуит 300-ҩык инареиҳаны, 30 рҟынӡа ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рырҭеит. Убри адагьы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети аҳәаанхыҵтәи аҵараиурҭақәеи рҟны аҵара рҵоит 53-ҩык арепатриантцәа, атәыла ашколқәеи ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи рахь иныҟәоит 300-ҩык ахәыҷқәа.

"Иазгәаҭатәуп аусура зылшоны иҟоу арепатриантцәа реиҳараҩык аусурҭа ҭыԥқәа рыла ишеиқәыршәо. Арепатриациаз Аилаки Афонди 30 миллион инеиҳаны афинанстә цхыраара ҟарҵахьеит арепатриантцәа рсоциалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара убасгьы иҳәеит арепатриант истатус наунагӡан иҟазар шакәым, аҽаршьцыларатә аамҭа аниаслак ашьҭахь дара Аԥсны атәылауаа ракәны ишыԥхьаӡатәу, дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ изинқәеи иуалԥшьақәеи роур шакәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0