Ҳаџьымба: азакәанқәа рыбжак ишахәҭоу аус руам

© flickr.comАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи мчрақәа реинырра хаҭабзиарала иҿыцу аҩаӡарахь ииасит, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи мчрақәа реинырра хаҭабзиарала иҿыцу аҩаӡарахь ииасит, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба ахаша, ажьырныҳәа 20 рзы, Жәлар Реизарахь инашьҭымҭаҟны.

2015 шықәса рзы ирыдкылан 90 инареиҳаны закәан. Убри аҟара ауп аҵыхәтәантәи ахышықәса ирыдыркылазгьы. Иара убри аамҭазы урҭ реиҳарак аус руам.

"Азакәанқәа иара ус ақьаад аҟны иаанхоит избанзара азакәан аԥсҭазаара аларҵәаразы ихымԥадатәины иҟоу азинтә актқәа анагӡаратә мчрақәа ирыдыркылоит. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа зегьы абасеиԥш ауп ишыҟоу", ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада Аминистрцәа Реилазаара аҿаԥхьа дҵаны иқәиргылеит аус зуа азакәанқәа зегьы аинвентаризациа рзура, урҭ русура зырманшәалоу азинтә актқәа рыҟазаареи рыҟамзаареи раарԥшразы.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла атәыла Ахада Иусбарҭа аус аднаулеит атәыла Ахада иахь инарышьҭуа азакәанқәа рпроектқәа рынашьҭышьа аԥҟара.

Ҳаџьымба ажәалагала ҟаиҵеит хаз иго министррақәак рҟны аусуразы анорматив-зинтә ҭышәныртәалара аиқәыршәара знапы ианыло астатс-маӡаныҟәгаҩ иштат аартызарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0