Амқәаб: Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу ачемпионат хҭыс дууп

© Sputnik Томас ТхайцукПремьер-министр РА Миквабия А.А.
Премьер-министр РА Миквабия А.А. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA анапхгарала ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат амҩаԥгара азыҟаҵаразы иаԥҵоу аиҿкааратә еилакы иазыԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik, Роберт Џьапуа. ConIFA анапхгарала ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат амҩаԥгара азыҟаҵаразы иаԥҵоу аиҿкааратә еилакы раԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, ажьырныҳәа 21 рзы.

Аилак ахантәаҩы, Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу ачемпионат хҭыс дууп ҳәа азиҳәеит.

"Ари хҭыс дууп. Ҳара ҳзеигәырӷьаша акакәны иҟоуп. Асеиԥш иҟоу аиндаҭларақәа рымҩаԥгара аҭакԥхықәрагьы рыҵоуп. Сгәы иаанагоит зегьы ибзианы еилшәыргоит ҳәа закәытә ҭакԥхықәроу ҳазҵагылоу. Аха агәра згоит зегьы ҳшыриааиуа", — иҳәеит аиҳабыра рхада.

ConIFA анапхгарала ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат амҩаԥгара азыҟаҵаразы иаԥҵоу аиҿкааратә еилакы иалахәуп аминистррақәеи аҳәынҭеилакқәеи рхаҭарнакцәа.

Футбол. Тренировка ФК Бавария - Sputnik Аҧсны
Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл азы ConIFA ачемпионат

Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Руслан Аџьынџьал ирылеиҳәеит иахәҭаны иԥхьаӡоу ауснагӡатәқәа – асасцәеи, аофициалтә делегациақәеи, ачемпионат алахәылацәеи рзы.

"Еиҿкаатәуп еиуеиԥшым акультуратә программақәа, аԥхьахәтә фонд, ачемпионат аартреи аркреи рымҩаԥгашьа, ашәарҭадара аиҿкаара, транспортла аиқәыршәара, рыкрыфара ишахәҭоу еиԥш азхәыцра", ҳәа еиқәиԥхьаӡеит Аџьынџьал.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба иазгәеиҭеит инапаҵаҟа иҟоу аусбарҭа иалшо зегь шыҟанаҵо ачемпионат шәарҭарада амҩаԥгаразы.

"Ари уснагӡатә дууп. Зегь ҳаивагылап. Иҳалшо зегь ҟаҳҵап. Иаауа рԥылара, рынхарҭақәа рахь рнагара, рныҟәгара – зегьы ҳхахьы иаагоит", — иҳәеит аминистр.

2015 шықәса абҵара 4 рзы Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа аиҿкааратә еилакы иаднакылеит аӡбра FIFA амилаҭтә командақәа ирылахәым, ConIFA еиднакыло акомандақәа рчемпионат Аԥсны, 2016 шықәса лаҵарамза 28 инаркны рашәарамза 6 рҟынӡа амҩаԥгаразы.

Ажьырныҳәа 9 рзы италиатәи ақалақь Бергамо имҩаԥысит аҵәҭаԥсара, уи инақәыршәаны 12 команда ари ачемпионат рхы аладырхәуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0