Адыгатәыла авирустә инфекциеи аимҳәеи рылаҵәеит

© Sputnik / Юрий Стрелец / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация против гриппа
Вакцинация против гриппа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авирустә инфекциеи аимҳәеи зыхьуа рхыԥхьаӡара иахьатәи аамҭазы иартәоит 49,4 процент (10 000-ҩык рыҩныҵҟа). Ииасыз амчыбжь азы уи 39,6 процент инаӡон. Иарбоу апроцент аепидемиатә шәхымс ҳәа ззырҳәо 24,7 процент рыла иахыҳәҳәоит, ҳәа аанацҳауеит арегионалтә усбарҭа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Адыгатәылан авирустә инфекциеи аимҳәеи зыхьуа рхыԥхьаӡара иахьатәи аамҭазы иартәоит 49,4 процент (10 000-ҩык рыҩныҵҟа). Ииасыз амчыбжь азы уи 39,6 процент инаӡон. Иарбоу апроцент аепидемиатә шәхымс ҳәа ззырҳәо 24,7 процент рыла иахыҳәҳәоит, ҳәа аанацҳауеит арегионалтә усбарҭа.

"Адыгатәылан 2016 шықәса ахԥатәи амчыбжь азы (ажьырныҳәа 18-20) иҭаҩуп 2206 чымазара хҭыс, урҭ рҟынтәи 50 – еимҳәоуп. Авирустә инфекциеи аимҳәеи зыхьуа рхыԥхьаӡара иахьатәи аамҭазы иартәоит 49,4 процент (10 000-ҩык рыҩныҵҟа). Ииасыз амчыбжь азы уи 39,6 процент инаӡон. Иарбоу апроцент аепидемиатә шәхымс ҳәа ззырҳәо 24,7 процент рыла иахыҳәҳәоит", ҳәа арбоуп аацҳамҭаҟны.

Иара убасгьы иазгәаҭоуп ичмазаҩхаз рҟынтәи 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 55,2 процент инаӡоит ҳәа.

3 шықәса инаркны 6 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара аепидемиатә шәхымс иартәоит 0,7 процент, 7 шықәса инаркны 17 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара – 46,8 процент, адуцәа рыбжьара 10,3 процент.

Ажьырныҳәа 19 рзтәи адыррақәа рыла "аҳәеимҳәа" зыхьыз ҳәа иршьо рхыԥхьаӡара 110-ҩык ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0