Аԥсны аимҳәа иахҟьаны ԥсыҭбара ҟамлацт

© Sputnik / Томас ТхайцукВиачеслав Абыхәба.
Виачеслав Абыхәба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада адырра ҟаиҵеит Аԥсны "аҳәаимҳәа" аҭыԥ шамам азы

АҞӘА, ажьырныԥәа 22 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Абыхәба адырра ҟаиҵеит Аԥсны "аҳәаимҳәа" аҭыԥ амам, ԥсыҭбарагьы ҟамлацт ҳәа.

Абыхәба иажәақәа рыла ашәахьа, ажьырныҳәа 18 рзы ахәышәтәырҭахь днеиит 62 шықәса зхыҵуа ҳтәылауаҩ.

"Ачымазаҩ ичымазара ианалага ашьҭахь ԥшьымш ааҵуаны ҳара ҳахь дааиит. Иара ростовтәи аобласт аҟны дҭаҩын. Аԥхьатәи амшқәа рзы хаԥышәала ихы ихәышәтәуан. Ахәышәтәырҭаҟны ԥышьсааҭк рҟынӡа дыҟан. Ростовтәи аобласт аҟны дахьҭаҩыз аҟынтәи иуацәа дагомыстәи аҿкытә хәышәтәырҭахь диаргарц рыӡбеит. Уаҟа иара иԥсҭазаара далҵит аха аҳәеимҳәа дагеит ҳәа шьақәырӷәӷәаны иҟам", — еиҭеиҳәоит Абыхәба.

Иара иазгәеиҭоит абри ахҭыс ада иуадаҩу хҭыск аҭыԥ аман ишыҟам.

Излеиҩдыраатәузеи аҳәеимҳәеи аимҳәеи?

Амедицина усзуҩцәа ирыԥхьаӡоит аиԥшрақәа еиҳа еиҳауп аиԥшымзаарақәа раасҭа ҳәа: ашоура, аимҳәара, амчлӡаара. Абарҭ зегьы ахьҭалалараангьы аимҳәаангьы аҭыԥ рымоуп. Аха ашоура 39 рҟынӡа ихалозар, ухы уыхьуазар, ужьышәқәа ухьуазар, алашара абара уцәымӷзар, умч улӡааны агәыхынҳәра уоуазар иара убри аан уԥынҵа маауазар — ари еимҳәоуп. Аҳақьым шәиԥхьа.

Ариновирустә инфекциаан ашоура 37 иреиҳам аха аԥынҵаӡ леиуеит, шәҭагылазаашьагьы учҳартә иҟоуп. Аҩбатәии ахԥатәии амшқәа рзы шәылақәа аԥслымӡ хыԥсалоушәа иҟалар, шәыхәда хьаа шәзацлар – ари аденовирустә ҿкоуп. Аҳәеимҳәаан зегь раасҭа ишәарҭоу иара иаарласны агәҵәкрахьы иахьиасуоуп. Убри азы ишалшо ала аҳақьым иахь инеитәуп.

Аимҳәаан ахымҩаԥгара шаҭаху

Аҿкчымазара аҳақьымцәа иҳабжьыргоит лассы-лассы анапы ацәцәара, асабарда аныҟәгара, аусутә стол адизенфекциа азура, ауаа рацәа ахьыҟоу амнеира, ауада аԥша аҩнарсра, афатә аҟны излалшо ала авитаминқәеи аминералқәеи ралархәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0