Аԥсны иазку алекциа Берлинтәи ауниверситет аҟны иаԥхьеит

© Foto / сайт Свободного университета БерлинаЗхы иақәиҭу ауниверситет. Архивтә фото
Зхы иақәиҭу ауниверситет. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астудентцәеи арҵаҩцәа азҵаара рацәа ықәдыргылеит. Дара рзы аинтерес аҵан Аԥсны иахьатәи аҭагылазаашьа ҳәа ҳзаарыцҳаит ФРГ иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра аҟынтәи

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны азинмчра змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа Аԥсны иазку алекциа даԥхьеит Берлинтәи ауниверситет ааԥхьарала. Абри атәы ҳзаарыцҳаит ФРГ иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра аҟынтәи.

Зых иақәиҭу Берлинтәи ауниверситет Европа аҵареи анаукеи инарылукааша ҵараиурҭоуп. Германиа зегьы иреиҳау университетуп.

Ахаҭарнакраҟны ишазгәарҭаз ала астудентцәеи арҵаҩцәа азҵаара рацәа ықәдыргылеит. Дара рзы аинтерес аҵан Аԥсны иахьатәи аҭагылазаашьа, Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьа уҳәа ирацәаны азҵаарақәеи апроблемақәеи.

"Аааԥхьара ансоу сара уи даара сеигәырӷьеит. Аԥмны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра асҭеит.иазысыԥхьаӡоит асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа ҳара ҳзы рҵакы акыр идууп ҳәа избанзар ишиашоу иҟоу аҭагылазаашьа ауаа идҳардырыр алшоит".

Қырҭтәыла аганахьала урҭ ирымоу аинформациа акыр иԥаршеиуп, убри адагьы дара ҳсаитқәа русура ааныркылоит» — лҳәеит Хьыбла Амҷыԥҳа.

Раԥхьаӡа акәны ФРГ иҟоу ҳхаҭарнакра абри еиԥшыз аҭагылазаашьа, алшара аиуит. Агәыӷра ыҟоуп ԥхьаҟагьы уи традициак аҳасаб аиуны иҟалап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0