Ҳаџьымба: атәылаҟны имыцхәу агәаҭарақәа ҟалаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла ахада Рауль Ҳаџьымба.
Атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба аминистррақәеи аусбарҭақәеи рҿаԥхьа адҵа ҿыцқәа ықәиргылеит

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аиҳабыра рзы Рауль Ҳаџьымба ихадараны иаликааит аҳәынҭқарратә хылаԥшра хра аманы иҟаларцаз ауснагӡатәқәа аус рыдулара. Абри атәы иара иҳәеит аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхадацәеи иареи реиԥылараан.

Атәыла Ахада Аиҳабыра рнапы ианиҵеит иаарласны ирыдыркыларц анаплакыҩцәа ргәаҭарақәа рыркьаҿразы ауснагӡатәқәа.

"Ахылаԥшратә органқәа ируалуп шықәсык ахь знык анаплакы аҟны инеины агәаҭара, иара ус аԥара анаарҭаххо акәымкәан. Аусура шымҩаԥгатәу азы иҟазароуп документк, иара иҳәаақәнаҵалароуп агәаҭарақәа рымҩаԥгашьа. Ари агәаҭаратә структурақәа зегьы аҵанакуеит. Имыцхәу агәаҭарақәа аҭыԥ рымамзароуп", — иҳәеит атәыла Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ареспубликаҟны ашәахтәқәа шырацәо, урҭ ҩынтәны ишеиҵатәтәу.

"Иахьазы ҳара ҳҟны аус руеит ииашои ииашами ашәахтәқәа. Абри ашықәс иалагӡан Ашәахтә маҵзуреи, Аминистрцәа Реилазаареи, атәыла Ахада Иусбарҭеи ари аус ҭырҵаароуп ишахәҭоугьы ишьақәдыргылароуп", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада игәаанагарала ари абиуџьеттә хашәалақәа ирыгнархом. Аилыккаара еиҳагьы уи иацхраауеит ҳәа иԥхьаӡоит.

Рауль Ҳаџьымба Афинансқәа рминистрра анапы ианиҵеит аԥхьаӡаратә план ҿыц ахь аиасразы ауснагӡатәқәа аус рыдыруларц. Абри аганахьала аусура ада аказначеитә системахь аиасра залшом, иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аминистррақәеи аусбарҭақәеи зегьы иҟарҵо ахыԥхьаӡаларақәа акарта АПРА ала амҩаԥгара иаарласны иалагап ҳәа. Уи иалнаршоит аԥаратә малқәа реиҭаҵшьа хылаԥшра аҭара, иаӡбоит ашәахтә усхк аҟны еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбара, ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада.

Ажәабжьқәа зегьы
0