АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит хықәкылатәи апрограмма "2016 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атуризм аҿиара". Апрограмма шьақәдырӷәӷәеит ажьырныҳәа 28 рзы аԥшьаша, Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны.
Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа ишазгәеиҭаз ала апрограмма иахықәкы хаданы иҟоуп амилаҭтә туристтә аалыҵ аизырҳара. Аусбарҭа иагәҭакны иҟоуп аурыс-аԥсуа ҳәынҭқарратә ҳәааҟны атурист-информациатә центр аргылара.
"Ҳара иҳагәҭакуп Аԥсныҟа иаауа атуристцәа ирзаԥаҳҵарц аинформациа ахьроуа аҭыԥ. Актәи ацентр аҳәааҟны иргылахоит", — иҳәеит Гарцкьиа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит ари аусхк кадырла аиқәыршәара аҭахны ишыҟоу. Уи иазырхахоит 500 000 мааҭ аԥара.
Аминистр иажәақәа рыла аекскурсиамҩаԥгаҩцәа азыҟарҵалоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәаз хықәкылатәи апрограмма "2016 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атуризм аҿиара" иазоужьхоит 4 миллионк мааҭ аԥара.