Аҭыԥантәи Ахадацәа атәыла Ахада идгаларала иалхлахоит

© Sputnik Томас ТхайцукГагра ахадара.
Гагра ахадара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи Ахадацәа ралхра аԥҟара ҿыцқәа иахьа иҳәаақәырҵеит Жәлар Реизараҟны. Иарбанызаалак аҭыԥ иашьашәалоу аизара, атәыла Ахада акандидатура анынаишьҭ ашьҭахь 30 усутә мшы иахымгакәа иаднакылоит аӡбра уи акандидатура иақәшаҳаҭхо иақәымшаҳаҭхо азы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҭыԥантәи Ахадацәа ралхра аԥҟара ҿыцқәа иахьа иҳәаақәырҵеит Жәлар Реизараҟны. Ушьҭарнахыс ахадацәа алхлахоит атәыла Ахада иҟаиҵо адгаларала. Абри аҩыза аӡбра рыдыркылеит ахәаша, ажьырныҳәа 29 рзы Жәлар Реизара изаамҭанытәиу аилатәараҟны.

Аҭыԥантәи ахаланаԥхгараҭараз аконституциа ахәҭаҷ ариашарақәа азуп

Аконституциатә ԥсахрақәа инарыдҳәаланы Аизара, атәыла Ахада акандидатура анынаишьҭ ашьҭахь 30 усутә мшы иахымгакәа иаднакылоит аӡбра уи акандидатура (ақалақь Ахада, араион Ахада, араион иатәу ақалақь Ахада) иақәшаҳаҭхо иақәымшаҳаҭхо азы.

Аизара инашьҭу акандидатура мап ицәнакуазар, атәыла Ахада азин имоуп Аизарахь иара уи акандидатура аиҭанашьҭра мамзаргьы акандидатура ҿыц анашьҭра. Уаанӡа инашьҭыз акандидатура еиҭахгьы мап ацәкызар, акандидатура ҿыц наишьҭроуп, иҟоу ықәганы.

Аизара азин амоуп Ахада игәрамгараз, нас уи азҵаара атәыла Ахада идгалараз. Агәрамгараз аӡбра рыдыркылоит Аизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 2́/3 бжьы ала. Абри аан атәыла Ахада азин имоуп асеиԥш иҟоу аӡбра дақәшаҳаҭымхарц. Шықәсык аҩныҵҟа агәрамгаратә вотум аҽазнык иаарԥшызар, атәыла Ахада азин имоуп Ахада ԥхьатәара ишьҭра мамзаргьы Жәлар Реизара аушьҭра.

Ажәабжьқәа зегьы
0